00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
33 мин
13:30
33 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Первый международный экономический форум Абхазия — инвестиции в будущее  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2026
"Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа"

Атурминистрреи "Кавказ.РФ" аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Аԥсны атуристтә кластер аҿиаразы

© Sputnik / Томас ТхайцукФорум "Абхазия - инвестиции в будущее"
Форум Абхазия - инвестиции в будущее - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2026
Анапаҵаҩра
Аусшәҟә анапы аҵаҩын Аԥснытәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы.
АҞӘА, мшаԥы 4 — Sputnik. Аԥсны атуризм аминистрреи АЕ "Кавказ.РФ" ареспубликаҿы атуристтә кластер аҿиаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
"Сгәы иаанагоит, аӡәгьы изы имаӡаӡам ари акорпорациа атуристтә инфраструктуреи иааидкыланы атуризми рыҿиаразы ҭакԥхықәра дула аус шауа. Нхыҵ Кавказ корпорациа иаргылеит Нхыҵ Уаԥстәыла акомплексқәа "Мамисон" рҟынтәи аҵыхәтәантәи акомплекс. Уажәы, Даӷьсҭан амшынԥшаҳәа акластер аҿиаразы апроект ӷәӷәа, апроект ду рнапы алакуп", — ҳәа Sputnik аинтервиу аҭо еиҭеиҳәеит Асҭамыр Логәуа.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны даара ихәарҭахоит иреиӷьу апрактикақәа рыԥшаареи Аԥсны аҳәынҭқарреи абизнеси алархәны ареспублика иахьаҵанакуа еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡареи рзы.

"Ирылацәажәоит ашьхақәа реиԥш амшынԥшаҳәа ахәҭагьы. Шәара ижәдыруеит Аԥсны ашьхатә хәҭа аҿиара имаҷымкәа ҳшалацәажәо. Аԥсны ԥхьаҟатәи ашьхашәҩатә курортгьы иалацәажәоит. Ҳақәгәыӷуеит Аԥсны ашьхақәа рҿеиԥш агаҿа ахәҭаҿгьы ҳаамҭазтәи акластерқәа цәырҵып ҳәа", – азгәеиҭеит Логәуа.

Кавказ.РФ адиректор хада Андреи Иумшанов иҳәеит аилахәыра анапхгараҿы ишыҟоу Урыстәыла атуристтә Иҷыдоу аекономикатә зона дуқәа хәба, апроектқәа жәпакы аханатә ишҿио.

"Арҭ зегьы баша ргылара ҿыцқәаӡам — усурҭа ҭыԥ ҿыцқәоуп, абизнес маҷ асубиект ҿыцқәа роуп, ахашәалахәқәа реизырҳара, ауааԥсыра реизҳара, асоциалтә маншәалара роуп. Ҳаргьы ҳазыхиоуп атуризм аинфраструктура аҿиаразы зегь реиҳа амбициа змоу ауснагӡатәқәа рыӡбараҿы Аԥсны иахәҭоу ацхыраара аҭара", — ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Иумшанов.
Ажәабжьқәа зегьы
0