Аспектакль маҷ "Гогәуа иажәа: Елана" мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы
12:29 07.04.2026 (ирҿыцуп: 13:52 07.04.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 7 — Sputnik. Аспектакль маҷ "Гогәуа иажәа: Елана" мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы.
"Ари спектакльӡам, иркьаҿу аформат ала еиҿкаау асахьаркыратә ԥхьароуп. Хықәкы хадас иаман Алықьса Гогәуа иажәа ауаа рызнагара, бжьылеи интонациалеи атекст инагӡаны аарԥшра алыршара ауп. Араҟа атетар ҩнуҵҟалатәи аритм цәырызго, аццакреи ажәа аилыккареи зныԥшуа акакәны иҟоуп",— ҳәа азгәалҭеит ақәыргыламҭаҿы ароль назыгӡоз Хьыбла Мықәԥҳа.
Артист Гогәуа итекстқәа амилаҭтә литература уасхырс иамоуп ҳәа рзылҳәеит. Лара лажәақәа рыла, автор даара инықәырԥшны дыҩуан, Елана лцәаныррақәа лассы-лассы инагӡаны иаанхон, афырԥҳәызба лыҩнуҵҟатәи лдунеи аҵаулара, лҽынкылара еиқәырханы аарԥшра мариамызт.
Ақәыргыламҭа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лажәақәа рыла, аспектакль аҿы адекорациақәа ыҟамызт, иҟан исахьарку асимволқәа.
"Аклассика арҿыцра аҽазышәара ҳамамызт, избанзар — уи шклассикоу ианакәзаалакгьы актуалра ахьамоу азы ауп, избанзар уи ауаҩы иӡбахә аҳәоит азоуп", — ҳәа азгәалҭеит лара.