https://sputnik-abkhazia.info/20260407/1062246936.html
Аҟәа Аинрал Дбар имҩаду аҿы ақәаршҩцарҭатә ҭҳәаа шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылхоит
Аҟәа Аинрал Дбар имҩаду аҿы ақәаршҩцарҭатә ҭҳәаа шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылхоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 7 — Sputnik. Аҟәа Аинрал Дбар имҩаду аҿы ақәаршҩцарҭатә ҭҳәаа шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит ҳәа иҳәеит Амҩақәа... 07.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-07T14:15+0300
2026-04-07T14:15+0300
2026-04-07T16:13+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/08/1033376246_0:103:3073:1831_1920x0_80_0_0_c9f404899f8cc4fb3c44996235811d75.jpg
АҞӘА, мшаԥы 7 — Sputnik. Аҟәа Аинрал Дбар имҩаду аҿы ақәаршҩцарҭатә ҭҳәаа шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит ҳәа иҳәеит Амҩақәа реиҭашьақәыргылареи-рыргылареи рзы аусбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.Ари амҩадуи Лакәаба имҩадуи реихдарҭаҿы ақәоурақәа раан аӡы еизоит.Уаанӡа иҟаз аӡцарҭақәа аҵлақәа рдацқәа ааха рырҭеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара. Лакәаба имҩа инаркны Коӷониа имҩа аҟынӡа 500 мм зыгәҭаӡоу аӡымҩангагақәа шьҭарҵоит. Дбар амҩа инаркны амшын аԥшаҳәахьы уназго амҩеи реихдарҭаҿы — 1000 мм зыгәҭаӡоу. Иара убасгьы иргылахоит ақәеизгарҭатә ҵеиџь ҿыцқәа жәаба.Аӡымҩангага аура зынӡа 325 метра ыҟоуп.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/08/1033376246_136:0:2867:2048_1920x0_80_0_0_4ce8f3548f3851e201f4fe1f7b03413a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Аҟәа Аинрал Дбар имҩаду аҿы ақәаршҩцарҭатә ҭҳәаа шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылхоит
14:15 07.04.2026 (ирҿыцуп: 16:13 07.04.2026) АҞӘА, мшаԥы 7 — Sputnik. Аҟәа Аинрал Дбар имҩаду аҿы ақәаршҩцарҭатә ҭҳәаа шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит ҳәа
иҳәеит Амҩақәа реиҭашьақәыргылареи-рыргылареи рзы аусбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.
Ари амҩадуи Лакәаба имҩадуи реихдарҭаҿы ақәоурақәа раан аӡы еизоит.
Уаанӡа иҟаз аӡцарҭақәа аҵлақәа рдацқәа ааха рырҭеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара. Лакәаба имҩа инаркны Коӷониа имҩа аҟынӡа 500 мм зыгәҭаӡоу аӡымҩангагақәа шьҭарҵоит. Дбар амҩа инаркны амшын аԥшаҳәахьы уназго амҩеи реихдарҭаҿы — 1000 мм зыгәҭаӡоу. Иара убасгьы иргылахоит ақәеизгарҭатә ҵеиџь ҿыцқәа жәаба.
Аӡымҩангага аура зынӡа 325 метра ыҟоуп.