Аминистрцәа алацәжәеит Ауаажәларратә форум алҵшәақәа рышьҭахь иҟаҵаз анапынҵақәа ртәы
15:45 07.04.2026 (ирҿыцуп: 20:50 07.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 7 — Sputnik. Аԥсны ахада анапынҵа ҟаиҵеит Ауаажәларратә форум алкааҿы иарбаз абжьгарақәа ирыцклаԥшны аус рыдыруларц ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба Аминистрцәа реилазаараҿы аилацәажәара аартуа.
"Сара исҭахын наҟ-наҟтәи ҳусқәа рымҩаԥысшьа ҳалацәажәарц. Ажәалагала ҳамоуп бжьагарақәак гәыԥ- гәыԥла еидкыланы аҭакԥхықәра зду аусбарҭақәа ажәалагалақәа рыҟаҵараз рнапы ианаҳҵарц", — ҳәа иара.

Аусура аишьаршәаларазы иаԥҵахоит иаку ацентр, даҭахоит уи анапхгаҩы.
"Сгәы иаанагоит Ауааажәларратә форум алкаа ала абжьгарақәа рзы ҳажәалагалақәа ҳтәыла асоциалтәи аекономикатәи ҿиараҿы ирыдыркыло аӡбамҭақәа шьаҭас ирзыҟалап ҳәа ", — ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр.
Аԥсны Ауаажәларратә палата хәажәкыра 12 рзы имҩаԥнагеит Ауаажәларратә форум. Уи аихшьаалақәа рыла адемографиеи, аекономикеи, ақыҭақәа рыҿиареи рзы ажәалагалақәа ахьеизгаз алкаа рыдыркылеит.