https://sputnik-abkhazia.info/20260407/1062262105.html
Агроклассқәа хәба раартра азԥхьагәаҭоуп ақыҭа школқәа рҿы
Агроклассқәа хәба раартра азԥхьагәаҭоуп ақыҭа школқәа рҿы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 7 — Sputnik. Агроклассқәа хәба раартра азԥхьагәаҭоуп ақыҭа школқәа рҿы ҳәа лҳәеит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа Аминистрцәа реилазаараҿы... 07.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-07T16:34+0300
2026-04-07T16:34+0300
2026-04-07T18:41+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102774/39/1027743941_0:130:3177:1917_1920x0_80_0_0_ae5e6fff4e3d87b22dda15c45b57417f.jpg
АҞӘА, мшаԥы 7 — Sputnik. Агроклассқәа хәба раартра азԥхьагәаҭоуп ақыҭа школқәа рҿы ҳәа лҳәеит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы.Уи азы аҟазауаа урыстәылатәи аԥышәа ҭырҵаауеит, Урыстәыла ус еиԥш иҟоу алассқәак ирҭаан ирбоит. "Анаҩс ақыҭа школқәа рҿы агроклассқәа хәба раартраыз аҽазыҟаҵара ҳалагоит, иарбан школқәоу иахьышьақәҳаргыло ҳазхәыцуеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.Аҽазыҟаҵаратә усура мҩаԥгатәуп, аинтерес змоу ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡарагь шьақәыргылатәуп ҳәа лҳәеит Гәынԥҳа.Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иҳәеит амеханизаторцәа разымхара инадҳәаланы ашколқәак рҿы атрактор аныҟәцара аурокқәа ралагалара шазԥхьагәаҭоу. Аҵара зҵо аттестат иацны атракторныҟәцаҩ иршаҳаҭга рыҭара алшо иҟалоит.Агроклассқәа Ауаажәларратә форум алкааҿы иарбоу аԥшьгарақәа ируакуп. Аҳәынҭқарра ахада уи анагӡара иадҳәалоу идҵақәа ирызкуп Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысуа аилацәажәара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102774/39/1027743941_223:0:2952:2047_1920x0_80_0_0_9344961fb90b6b7d9f27795f627c785f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, мшаԥы 7 — Sputnik. Агроклассқәа хәба раартра азԥхьагәаҭоуп ақыҭа школқәа рҿы ҳәа лҳәеит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы.
Уи азы аҟазауаа урыстәылатәи аԥышәа ҭырҵаауеит, Урыстәыла ус еиԥш иҟоу алассқәак ирҭаан ирбоит.
"Анаҩс ақыҭа школқәа рҿы агроклассқәа хәба раартраыз аҽазыҟаҵара ҳалагоит, иарбан школқәоу иахьышьақәҳаргыло ҳазхәыцуеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
Аҽазыҟаҵаратә усура мҩаԥгатәуп, аинтерес змоу ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡарагь шьақәыргылатәуп ҳәа лҳәеит Гәынԥҳа.
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иҳәеит амеханизаторцәа разымхара инадҳәаланы ашколқәак рҿы атрактор аныҟәцара аурокқәа ралагалара шазԥхьагәаҭоу. Аҵара зҵо аттестат иацны атракторныҟәцаҩ иршаҳаҭга рыҭара алшо иҟалоит.
Агроклассқәа Ауаажәларратә форум алкааҿы иарбоу аԥшьгарақәа ируакуп. Аҳәынҭқарра ахада уи анагӡара иадҳәалоу идҵақәа ирызкуп Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысуа аилацәажәара.