00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:04
18 мин
14:22
8 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:45
14 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:45
14 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:25
5 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:25
5 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада анапынҵа ҟаиҵеит Ауаажәларратә форум алкааҿы иарбаз абжьгарақәа ирыцклаԥшны аус рыдыруларц ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба. "Сара исҭахын наҟ-наҟтәи ҳусқәа рымҩаԥысшьа ҳалацәажәарц. Ажәалагала ҳамоуп бжьагарақәак гәыԥ- гәыԥла еидкыланы аҭакԥхықәра зду аусбарҭақәа ажәалагалақәа рыҟаҵараз рнапы ианаҳҵарц", — ҳәа иҳәеит иара Аминистрцәа реилазаараҿы аилацәажәара аартуа.Аусура аишьаршәаларазы иаԥҵахоит иаку ацентр, даҭахоит уи анапхгаҩы."Сгәы иаанагоит Ауааажәларратә форум алкаа ала абжьгарақәа рзы ҳажәалагалақәа ҳтәыла асоциалтәи аекономикатәи ҿиараҿы ирыдыркыло аӡбамҭақәа шьаҭас ирзыҟалап ҳәа ", — ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр.
Агроклассқәа хәба раартра азԥхьагәаҭоуп ақыҭа школқәа рҿы ҳәа лҳәеит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы. Уи азы аҟазауаа урыстәылатәи аԥышәа ҭырҵаауеит, Урыстәыла ус еиԥш иҟоу алассқәак ирҭаан ирбоит. "Анаҩс ақыҭа школқәа рҿы агроклассқәа хәба раартраыз аҽазыҟаҵара ҳалагоит, иарбан школқәоу иахьышьақәҳаргыло ҳазхәыцуеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара. Аҽазыҟаҵаратә усура мҩаԥгатәуп, аинтерес змоу ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡарагь шьақәыргылатәуп ҳәа лҳәеит Гәынԥҳа.
Аҟәа Аинрал Дбар имҩаду аҿы ақәаршҩцарҭатә ҭҳәаа шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит. Ари амҩадуи Лакәаба имҩадуи реихдарҭаҿы ақәоурақәа раан аӡы еизоит иҳәеит Амҩақәа реиҭашьақәыргылареи-рыргылареи рзы аусбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.Уаанӡа иҟаз аӡцарҭақәа аҵлақәа рдацқәа ааха рырҭеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара. Лакәаба имҩа инаркны Коӷониа имҩа аҟынӡа 500 мм зыгәҭаӡоу аӡымҩангагақәа шьҭарҵоит. Дбар амҩа инаркны амшын аԥшаҳәахьы уназго амҩеи реихдарҭаҿы — 1000 мм зыгәҭаӡоу. Иара убасгьы иргылахоит ақәеизгарҭатә ҵеиџь ҿыцқәа жәаба.
Аԥсныҟа "иаку " абилеҭ ала ауаа рымҩангара еиҭахацыркхоит мшаԥы 30 инаркны. Иара цәыббра 30 рҟынӡа аус аулоит ҳәа рҳәеит Урыстәыла Атранспорт аминистрраҟны. Адлертәи авокзали шәачатәи аҳаирбаӷәазеи рҟнытә автобусқәа рыла атуристцәа Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа имҩаныргалоит. Автобустә хәҭа ахәԥса амаршрут зеиԥшроу еиԥш 824 мааҭ инаркны 1132 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ҵыԥх "иаку " абилеҭ рхы иадырхәеит 6-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра.
Ажәабжьқәа зегьы
0