Аӡҩыбжьа ақыҭан ацәгьара руит ҳәа агәҩара ззыҟоу аанкылоуп
20:11 07.04.2026 (ирҿыцуп: 22:34 07.04.2026)

© Sputnik / Алексей Филиппов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 7 — Sputnik. Аӷьычразы агәҩара ззыҟоу ҩыџьа аанкылоуп ҳәа аанацҳауеит АҩАР.
Ацәгьоура ҟалеит Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан. 43 шықәса зхыҵуа Нугзар Канхәеи 37 шықәса зхыҵуа Ешсоу Ҷанбеи аҩны иҩналаны ҩ-телефонки ахьымаҭәеи рӡеит.
Уи ашьҭахь, арзаҳал зҩыз, 76 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс бџьарла дыршәаны, мчыла ашәҟәбӷьыцқәеи, аԥареи, акосметикеи, арԥшӡагақәеи зҭаз арҭмаҟ лымырхит.
Ирӷьычыз амазара зегьы ахә 548 нызқь мааҭ артәоит, урҭ рыхәҭак рымырхит азинхьчаҩцәа.
Ашьаус хацыркуп, агәҩарас иҟоу ырбаандаҩуп.