Ааха зауз Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи ахәыҷқәа рзы аԥхынтәи алагер Аԥсны еиҿкаахоит
21:42 07.04.2026 (ирҿыцуп: 22:18 07.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 7 — Sputnik. Ааха зауз Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи ахәыҷқәа рзы аԥхынтәи алагер Аԥсны еиҿкаахоит.
Аԥсни Урыстәылеи ахәыҷтәы аомбудсменцәа Мактина Џьынџьалԥҳаи Мариа Львова-Беловеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала, ареспубликаҿы ҩышәҩык ахәыҷқәеи 30-ҩык урҭ мҩаԥызгои рыдыркылоит.
Урҭ рахьынтәи 115-ҩык ахәыҷқәа Очамчыратәи ашкол-интернат иҩнарҵоит. Иахьа Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аусбарҭа аспециалистцәа аҭыԥ гәарҭеит, ахәыҷқәа рыфатә ахәшьара арҭеит, ршәарҭадареи рԥсшьаратә усмҩаԥгатәқәеи рызҵаарақәа ирыхәаԥшит, аҭагылазаашьа бзиақәа шыҟоу азгәарҭеит.