https://sputnik-abkhazia.info/20260409/1062305398.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал араиони Смоленсктәи аобласт ақалақь Десногорски аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит."Ҳаиқәшаҳаҭра ԥхьаҟа ҩ-қалақьк... 09.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-09T13:30+0300
2026-04-09T13:30+0300
2026-04-09T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/09/1062305232_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_bc37358ce04aa6f866e8b33aa2f610cd.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал араиони Смоленсктәи аобласт ақалақь Десногорски аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит."Ҳаиқәшаҳаҭра ԥхьаҟа ҩ-қалақьк реизыҟазаашьақәа рыҿиаразы амч ҿыц анаҭоит. Даара сгәы шьҭнахуеит аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ари амш иахьақәшәаз", — иҳәеит араион ахада Герман Каҷараа.Смоленсктәи аобласттә Дума адепутат Михаил Лосенко Десногорск ауааԥсыра рыхьӡала Тҟәарчал ашьақәгылара азгәаҭара амш рыдиныҳәалеит. Иара иазгәеиҭеит аринахыс ақалақьқәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьало.Аганқәа аҳамҭақәа еимырдеит.
Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа дрыдышшылеит гәымбылџьбарала изызныҟәаз уи иаыхҟьаны зыҧсҭазаара иалҵыз ахәыҷы иҭаацәа."Ари амш хьанҭақәа рзы хаҭала аҳәара ҟасҵоит доусы шәааигәара, шәыкәша-мыкәша иҟоу ҷыдала шәрызҿлымҳазарц. Ҳара ҳзы аԥсҭазаара ахьчараҿы акраҵанакуазароуп акзаара, ақьиара, аилибакаара, анцәахаҵара. Ҳаицхырааны ақьиара амҩала мацара ауп ԥхьаҟатәи ҳҧеиԥш шаҳзыхьчо", — аҳәоит анҵамҭаҿы.
Аҟәа араион ашколхәыҷқәа рыбжьара аррамаҵуранӡатәи аҽазыҟаҵареи аграждантә хьчареи ртеориа адырразы раԥхьатәи аолимпиада мҩаԥган.Аԥсны аҵара министрра абҩарҵәыреи аррамаҵура азыҟаҵареи рыҟәша аспециалист еиҳабы Беслан Мышәба арадио Sputnik аҟны ишиҳәаз ала, амаҭәар азы апрактикатә аолимпиада мҩаԥыргоит есышықәса, атеориатә — раԥхьаӡакәны. "Аолимпиада иабзоураны ашколхәыҷқәа зхысуа амаҭәар — алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку рдыррақәа рыҩаӡара аилкаара адагьы, иаҳбарҭахоит ари амаҭәар ала арҵаҩцәа рус ҭакԥхықәрала иахьынӡазнеиуа, аҵаҩцәа аус ахьынӡарыдыруло", — иҳәеит иара.
Алексеи Бондаренко ашьапылампылтә клуб "Аԥсны" азыҟаҵаҩ хадас далхуп."Алексеи Геннади-иԥа аԥсуа шьапылампыл зҽаԥсазтәыз азҟазоуп, амилаҭтә спорт гәык-ԥсык ала дазыҟоуп. Иара Аԥснытәи еизгоу акоманда далахәыланы CONIFA аҟны адунеи дачемпионхеит", —аҳәоит анҵамҭаҿы.Уи аԥхьа иҟаз адыррақәа рыла, аклуб уаанӡатәи азыҟаҵаҩ хада Герман Қәҭарба аус ицура аҩганктәи аиқәшаҳаҭрала иаанкылан.
Тҟәарчал араиони Смоленсктәи аобласт ақалақь Десногорски аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит."Ҳаиқәшаҳаҭра ԥхьаҟа ҩ-қалақьк реизыҟазаашьақәа рыҿиаразы амч ҿыц анаҭоит. Даара сгәы шьҭнахуеит аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ари амш иахьақәшәаз", — иҳәеит араион ахада Герман Каҷараа.Смоленсктәи аобласттә Дума адепутат Михаил Лосенко Десногорск ауааԥсыра рыхьӡала Тҟәарчал ашьақәгылара азгәаҭара амш рыдиныҳәалеит. Иара иазгәеиҭеит аринахыс ақалақьқәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьало.Аганқәа аҳамҭақәа еимырдеит. Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа дрыдышшылеит гәымбылџьбарала изызныҟәаз уи иаыхҟьаны зыҧсҭазаара иалҵыз ахәыҷы иҭаацәа."Ари амш хьанҭақәа рзы хаҭала аҳәара ҟасҵоит доусы шәааигәара, шәыкәша-мыкәша иҟоу ҷыдала шәрызҿлымҳазарц. Ҳара ҳзы аԥсҭазаара ахьчараҿы акраҵанакуазароуп акзаара, ақьиара, аилибакаара, анцәахаҵара. Ҳаицхырааны ақьиара амҩала мацара ауп ԥхьаҟатәи ҳҧеиԥш шаҳзыхьчо", — аҳәоит анҵамҭаҿы. Аҟәа араион ашколхәыҷқәа рыбжьара аррамаҵуранӡатәи аҽазыҟаҵареи аграждантә хьчареи ртеориа адырразы раԥхьатәи аолимпиада мҩаԥган.Аԥсны аҵара министрра абҩарҵәыреи аррамаҵура азыҟаҵареи рыҟәша аспециалист еиҳабы Беслан Мышәба арадио Sputnik аҟны ишиҳәаз ала, амаҭәар азы апрактикатә аолимпиада мҩаԥыргоит есышықәса, атеориатә — раԥхьаӡакәны. "Аолимпиада иабзоураны ашколхәыҷқәа зхысуа амаҭәар — алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку рдыррақәа рыҩаӡара аилкаара адагьы, иаҳбарҭахоит ари амаҭәар ала арҵаҩцәа рус ҭакԥхықәрала иахьынӡазнеиуа, аҵаҩцәа аус ахьынӡарыдыруло", — иҳәеит иара. Алексеи Бондаренко ашьапылампылтә клуб "Аԥсны" азыҟаҵаҩ хадас далхуп."Алексеи Геннади-иԥа аԥсуа шьапылампыл зҽаԥсазтәыз азҟазоуп, амилаҭтә спорт гәык-ԥсык ала дазыҟоуп. Иара Аԥснытәи еизгоу акоманда далахәыланы CONIFA аҟны адунеи дачемпионхеит", —аҳәоит анҵамҭаҿы.Уи аԥхьа иҟаз адыррақәа рыла, аклуб уаанӡатәи азыҟаҵаҩ хада Герман Қәҭарба аус ицура аҩганктәи аиқәшаҳаҭрала иаанкылан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/09/1062305232_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c8d08b4a29c0cf06b8fa05e4e718a2bc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио