Ацәыргақәҵа "Тҟәарчал: ажәытәра инаркны ақалақь-баҳчахь" аатит мшаԥы 9 рзы
13:56 09.04.2026 (ирҿыцуп: 14:56 09.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 9 — Sputnik. Ацәыргақәҵа "Тҟәарчал: ажәытәра инаркны ақалақь-баҳчахь" аатит мшаԥы 9 рзы.
Ақалақь амш азгәаҭара аҽны ацәыргақәҵа асасцәа аҭааит.
Ацәыргақәҵаҿы иаарыԥшуп еицырдыруа аклассикатә ҟаза, Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы Рудольф Хочаа иусумҭақәа. Иара ирҿиаратә мҩа хацыркын 60-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы. Иусумҭақәа ирныԥшуеит ақалақь ахьӡ-аԥша азаазгаз тҟәарчалтәи ашахҭақәеи азауадқәеи.
Ацәыргақәҵа ханарҭәаауеит асахьаҭыхҩ қәыԥш, ИАА адизаин ашкол аҵаҩы Данаҟаи Адлеиба иусумҭақәа. Ақалақь амшазы иара иаԥиҵеит Тҟәарчал ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку ацифратә сахьақәа — ақалақь-баҳчаны ишибо.
"Тҟәарчал — аҭоурыхтә даҟьа ҿыц аанартуеит. Ҳара иааҳарԥшуеит иамаз ааглыхратә амч ду — уи ахаҳә иагәыларсуп, иҟоуп ҳгәалашәараҿы, ауааԥсыра рҟазшьа ианыԥшуеит. Уи аан, ҳара азин ҳамоуп уи зеиԥшрахо азы ҳгәазыҳәарақәа раарԥшра", — ҳәа азгәалҭеит ацәыргақәҵа амҩақәҵаҩ Хьыбла Возԥҳа.