Гәылрыԥшь араион аҿы иҭахаз хышықәса зхыҵуаз ахәыҷы Ростов Донтәи анышә дамардоит
14:07 09.04.2026 (ирҿыцуп: 14:55 09.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 9 — Sputnik. Гәылрыԥшь араион аҿы иҭахаз хышықәса зхыҵуаз ахәыҷы Ростов Донтәи анышә дамардоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит араион аҵараҟәша аиҳабы Шьазина Емсыхә.
Иахьа араион ахада Саид Ҳаразиа ихантәаҩрала аилатәара мҩаԥысит. Азинхьчаратә усзуҩцәа ан лаҳәшьа данааныркыла ашьҭахь, егьырҭ лҭынхацәа рыӡбахә ахьеилкаамыз иахҟьаны, араион ахадара ахәыҷы лыԥсыжра аиҿкаара ахахьы иагарц рҭахын.
"Иахьа ашьыжь ахәыҷы лани ландуи (Ростов Донтәи инхоит) араион ахада рыҽимардеит. Урҭ иҟарҵаз аҳәара инақәыршәаны, ахәыҷы Ростов ақалақь аҿы аҭаацәаратә ԥсыжырҭаҿы анышә дамардоит. Уажәы араион анапхгара ахәыҷы лгаразы аусқәа реиҿкаара рнапы рылакуп", — азгәалҭеит Емсыхә.
Гәылрыԥшь араион апрокуратура хышықәса зхыҵуа аӡӷаб лҭахара инамаданы аусҭҵаара мҩаԥнагоит. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Габриела Лахина лҭагылазаашьа уадаҩны Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь ахь днаган мшаԥы 7 асааҭ 22: 50 рзы. Лхы, лхалҿы, лхәамц, лымаха-лышьаха хыԥхьаӡара рацәала аахақәа рыман
Мшаԥы 8 асааҭ 04: 00 рзы Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьымцәа ахәыҷы лыԥсҭазаара далҵит ҳәа азгәарҭеит.