Ақалақь ахада ихраҿа агаразы асахьаркыратә гимнастиказы раԥхьатәи аицлабра мҩаԥгахоит Аҟәа
16:33 09.04.2026 (ирҿыцуп: 18:21 09.04.2026)

© Sputnik / Григорий Сысоев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 9 — Sputnik. Ақалақь ахада ихраҿа агаразы асахьаркыратә гимнастиказы раԥхьатәи аицлабра мҩаԥгахоит рашәара 20 рзы, Аҟәа.
150-ҩык рҟынӡа аспортсмен қәыԥшцәа злахәхо аицлабра Курченко лыхьӡ зху апарк аҿы иҟоу Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы имҩаԥгахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Агимнастика афедерациа аиҳабы Гәында Кәарҷиаԥҳа.
Ахраҿа агаразы аицлабра иалахәхоит — Аҟәа, Гагра араион, Урыстәылатәи ақалақьқәа — Шәача, Волгоград, Донецк, Москва рҟынтәи агимнасткацәа.
Азыҳәақәа рыдыркылоит лаҵарамза анҵәамҭанӡа. Аԥхьахә ҭыԥқәа ргаразы аицлабрақәа рхы аладырхәыр рылшоит иарбанызаалак аҽазыҟаҵаратә ҩаӡара змоу аспортсменкацәа.