Аминистрцәа реилазаара иалшоит Аԥсны аҳәаанырцәуаа русура аԥкрақәа ралагалара
12:48 10.04.2026 (ирҿыцуп: 13:30 10.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 10 — Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иалшоит ареспубликаҿы аҳәаанырцәуаа русуразы аԥкрақәа ралагалара.
Уаанӡа урҭ Апарламент акәын иалазгалар зылшоз. Азакәан аԥсахрақәа рзы иахьа адепутатцәа рыбжьы арҭеит актәии аҩбатәии аҵыхәтәантәи аԥхьарақәа рҿы.

"Атәыла ахада идҵа инақәыршәаны Аминистрцәа реилазаара атакси аусхк аҟны амҩангарақәа алицензиа рыҭаразы аԥҟара аԥсахрақәа аус рыдырулон, атакси аныҟәцаҩцәа раҳасабала аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы аԥкрақәа рышьақәыргыларазы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Жәлар Реизараҿы атәыла ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.
Азакәанԥҵаратә аԥшьгара аус аднаулеит аекономика аминистрра. Уи хықәкыс иамоуп апассаџьыртә мҩангарақәа рџьармыкьа аҭышәныртәалареи аҭыԥантәи амашьынаныҟәцаҩцәа ринтересқәа рыхьчареи.
Ариашарақәа ралагалара Аминистрцәа реилазаара иалнаршоит аҳәаанырцәуаа иалкаау амаҵурақәа раанкылараҿы азин аҟамҵара ашьақәыргылара, уи аус адызуло ргәаанагарала автомашьынатә мҩангарақәа русхк аҟны Аԥсны атәылауаа аԥыжәара рыҭаны усурҭала реиқәыршәара иацхраауеит.
Цәыббрамзазы атакси аныҟәцаҩцәа Аҟәа ақәгылара ҟарҵеит. Дара аҿаҵарақәа ргара мап ацәыркуан, амигрантцәа амҩангарақәа русхк аҟны аусура азин рымхзарц адҵа ҟарҵон, избанзар дара ргәаанагарала урҭ рԥарарҳара иаԥырхаган.

5 Цәыббра 2025, 18:10