Ауаажәларра агәҭынчымра рызцәырнагоит анаркотик аҭиразы ашьаус алахәыла лхы дахьақәиҭу
16:47 10.04.2026 (ирҿыцуп: 17:47 10.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 10 — Sputnik. Аԥсны ауаажәларра агәҭынчымра рызцәырнагоит анаркотикқәа рыҭиразы ашьаус алахәыла хылаԥшрада лхы дақәиҭны дахьыҟоу ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Ареспублика атәылауаҩ Улиана Гәарамиаԥҳа даанкылан ажьырныҳәамзазы. Лареи урыстәылауаҩ Лилиа Шарифуллинеи анаркотикқәа мҽхакы ҭбаала ирҭиуан ҳәа агәҩара рымоуп. Ԥыҭрак ашьҭахь даанкылан анаркотикқәа рыҭира аиҿкааҩ, Казахсҭан ииз Руслан Насыров.

"Амилициа аусзуҩцәа аусура дуӡӡа мҩаԥыргеит, анаркотик хьанҭақәа Аԥсныҟа раагара аиҿкаареи урҭ анаҩс рыларҵәареи реибаркыра зегьы аарԥшраҿы", — ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Ажьырныҳәа 9 рзы Аҟәатәи аӡбарҭа Гәарамиаԥҳа жәабран 27 рҟынӡа ҳәа дҭаркит, нас уи аҿҳәара ацҵара мап ацәнакит. Абри инамаданы агәызҩара ззыҟоу лхы дақәиҭхеит.
Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ахашшааратә зыҳәа аланагалеит. Уи Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбамҭа закәаным ҳәа азханаҵеит, аматериалқәа ҿыц ахәаԥшразы инанашьҭит.
Ус шакәызгьы, хәажәкыра 30 рзы Аҟәатәи аӡбарҭа ҩаԥхьа аҭакра аҿҳәара ацҵара мап ацәнакит. Апрокуратура хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ахашшааратә зыҳәа ҿыц аланагалеит. Уа Аҟәатәи аӡбарҭа ақәҵара еиҭаԥыхын, аматериалқәа аиҭахәаԥшразы еиҭанашьҭын.
"Иахьа уажәраанӡа Аҟәа ақалақь аӡбарҭа атәылауаҩԥҳәыс Гәарамиаԥҳа лганахь ала аӡбамҭа аднамкылацт. Абас ала, ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоуразы ахара здырҵо лхы дақәиҭуп", — ҳәа арбоуп атекст аҿы.