https://sputnik-abkhazia.info/20260410/1062335824.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Казбек Таисаеви. Гәынба Таисаев ҭабуп ҳәа иеиҳәеит... 10.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-10T18:01+0300
2026-04-10T18:01+0300
2026-04-10T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/0a/1062335658_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_c59c79eade4b99d07f0b7ecd518a2bfe.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Казбек Таисаеви. Гәынба Таисаев ҭабуп ҳәа иеиҳәеит апарламентбжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы илагалазы. "Иҭабуп идуӡӡаны жәашықәсала ҳреспублика иашәҭо адгылареи ацхыраареи рзы. Аԥсны жәлар ибзиаӡаны ирдыруеит, еилыркаауеит, ирныруеит ҳтәыла аганахь ишәымоу азыҟазаашьақәа рыԥхарра", — иҳәеит иара. Бадра Гәынба иҳәеит аҩ-тәылак рҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыбжьара аинырра аҩаӡара ареспублика атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шаԥырҵо.
Аҭыԥантәи анапхгараҭартә усбарҭақәа ралхрақәа рзы азакәан аиҭакрақәа аларгалеит аҩбатәи аԥхьараҿы. Аиҭакрақәа аҭыԥ аҿы алхратә комиссиақәа реиҿкаара иадҳәалоуп.Адепутат Дауҭ Хәытаба инаҵшьны иазгәеиҭеит, уажәшьҭа алхратә процесс алахәхара зылшо Аԥсны атәылауаа рымацара шракәу, насгьы урҭ рымацара роуп агитациа амҩаԥгара азин змоу. Иара убас, ақалақь, араион, аҳбла, ақыҭа алхратә комиссиа алахәылацәа рзы 25 шықәса зхыҵуа рзы аԥкра ықәгахоит. Абжьыҭаратә зин аиуразы, иарбоу араион аҿы ашәҟәҭагалара аҭахрақәа шыҟац иаанхоит.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иалшоит ареспубликаҿы аҳәаанырцәуаа русуразы аԥкрақәа ралагалара. Уаанӡа урҭ Апарламент акәын иалазгалар зылшоз. Азакәан аԥсахрақәа рзы иахьа адепутатцәа рыбжьы арҭеит актәии аҩбатәии аҵыхәтәантәи аԥхьарақәа рҿы. "Атәыла ахада идҵа инақәыршәаны Аминистрцәа реилазаара атакси аусхк аҟны амҩангарақәа алицензиа рыҭаразы аԥҟара аԥсахрақәа аус рыдырулон, атакси аныҟәцаҩцәа раҳасабала аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы аԥкрақәа рышьақәыргыларазы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Жәлар Реизараҿы атәыла ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.
Аԥсны Апарламент ақәшаҳаҭхеит ареспубликаҿы зеиԥш ҭырмыжьуа атехеиқәыршәагақәеи ахәҭақәеи рсиа. Ашәҟәы иазԥхьагәанаҭоит ахәцҵа ашәахтә аҟынтәи зхы иақәиҭыртәуа атехникатә хархәагақәа рсиа арҽеира. Ари атауарқәа рҭыжьразы ихымԥадатәиу маругоуп. Ирыдыркылаз аӡбамҭа азырхоуп аҭыԥантәи аарыхыҩцәа рыдгылареи атәыла аҩнуҵҟа аарыхратә мчхара ҿыцқәа раԥҵаразы агәацԥыҳәара аҭареи. Асиа арҿыцра, атәылаҿы иҟам иҳараку атехнологиатә еиқәыршәагақәа раагара армариоит, насгьы аекономика ахырхарҭаҿы аинвестициатә проектқәа рзы ашәахтә хьанҭа армаҷуеит ҳәа аҳәоит аилыркааратә напынҵа аҿы.
Ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Казбек Таисаеви. Гәынба Таисаев ҭабуп ҳәа иеиҳәеит апарламентбжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы илагалазы. "Иҭабуп идуӡӡаны жәашықәсала ҳреспублика иашәҭо адгылареи ацхыраареи рзы. Аԥсны жәлар ибзиаӡаны ирдыруеит, еилыркаауеит, ирныруеит ҳтәыла аганахь ишәымоу азыҟазаашьақәа рыԥхарра", — иҳәеит иара. Бадра Гәынба иҳәеит аҩ-тәылак рҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыбжьара аинырра аҩаӡара ареспублика атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шаԥырҵо. Аҭыԥантәи анапхгараҭартә усбарҭақәа ралхрақәа рзы азакәан аиҭакрақәа аларгалеит аҩбатәи аԥхьараҿы. Аиҭакрақәа аҭыԥ аҿы алхратә комиссиақәа реиҿкаара иадҳәалоуп.Адепутат Дауҭ Хәытаба инаҵшьны иазгәеиҭеит, уажәшьҭа алхратә процесс алахәхара зылшо Аԥсны атәылауаа рымацара шракәу, насгьы урҭ рымацара роуп агитациа амҩаԥгара азин змоу. Иара убас, ақалақь, араион, аҳбла, ақыҭа алхратә комиссиа алахәылацәа рзы 25 шықәса зхыҵуа рзы аԥкра ықәгахоит. Абжьыҭаратә зин аиуразы, иарбоу араион аҿы ашәҟәҭагалара аҭахрақәа шыҟац иаанхоит. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иалшоит ареспубликаҿы аҳәаанырцәуаа русуразы аԥкрақәа ралагалара. Уаанӡа урҭ Апарламент акәын иалазгалар зылшоз. Азакәан аԥсахрақәа рзы иахьа адепутатцәа рыбжьы арҭеит актәии аҩбатәии аҵыхәтәантәи аԥхьарақәа рҿы. "Атәыла ахада идҵа инақәыршәаны Аминистрцәа реилазаара атакси аусхк аҟны амҩангарақәа алицензиа рыҭаразы аԥҟара аԥсахрақәа аус рыдырулон, атакси аныҟәцаҩцәа раҳасабала аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы аԥкрақәа рышьақәыргыларазы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Жәлар Реизараҿы атәыла ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба. Аԥсны Апарламент ақәшаҳаҭхеит ареспубликаҿы зеиԥш ҭырмыжьуа атехеиқәыршәагақәеи ахәҭақәеи рсиа. Ашәҟәы иазԥхьагәанаҭоит ахәцҵа ашәахтә аҟынтәи зхы иақәиҭыртәуа атехникатә хархәагақәа рсиа арҽеира. Ари атауарқәа рҭыжьразы ихымԥадатәиу маругоуп. Ирыдыркылаз аӡбамҭа азырхоуп аҭыԥантәи аарыхыҩцәа рыдгылареи атәыла аҩнуҵҟа аарыхратә мчхара ҿыцқәа раԥҵаразы агәацԥыҳәара аҭареи. Асиа арҿыцра, атәылаҿы иҟам иҳараку атехнологиатә еиқәыршәагақәа раагара армариоит, насгьы аекономика ахырхарҭаҿы аинвестициатә проектқәа рзы ашәахтә хьанҭа армаҷуеит ҳәа аҳәоит аилыркааратә напынҵа аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/0a/1062335658_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_b7a6808edadc7f5bb4324095a2e18839.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио