Аԥснынтәи аволонтиор Даӷьсҭан аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра далахәуп
11:07 11.04.2026 (ирҿыцуп: 12:44 11.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 11 — Sputnik. Аԥснынтәи аволонтиор Нар Ҭаниа Даӷьсҭан аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра далахәуп.
Ажәабжьқәа рҟнытә арыцҳара заҳаз иаҭахыз амаҭәақәа еизганы, мшаԥы 7 рзы аҭыԥ ахь днеит.
Аусура далагаанӡа, аҭагылазаашьа ҭиҵааит, ааха зауз ақыҭақәа дырҭааит, Мамедкалаҟа ацара сыӡбеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭаниа.
"Ари зегь реиҳа ааха зауз ҭыԥуп. Иҟамзар ҟалап иԥхасҭамхаз ҩныкгьы, арҭ рызегьы анхаразы иаԥсам, зегьы ԥхасҭахеит", — ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Нар ацхыраара ҟаиҵоит ахыжәжәарақәа ррыцқьараҿы, агуманитартә цхыраареи афатә ԥха рыҭареи рҿы.
Аԥснытәи аволонтиор иажәақәа рыла, ааха зауз даӷьсҭанаа ацхырааразы ҭабуп ҳәа ахҳәааны ирыдыркылоит. Иацы иара даԥылеит Аԥсны ауааԥсыра еизыргаз аӡыржәтә зҭаз агуманитартә цхыраара. Уи Мамедкалеи Ҟараман-2 ауааԥсыра ирызшан.
Иара даҽа ҩымш уаҟа арыцхраара игәы иҭоуп, нас Аԥсныҟа дхынҳәуеит.
Нар Ҭаниа — ахаԥыц-ҳақьымуп, Аԥсны хатәгәаԥхаралатәи иусуралагьы деицырдыруеит. Зылшарақәа маҷу аҭаацәеи ауааԥсыреи ацхыраара риҭоит.