Бадра Гәынба Аԥсны апрокуратура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
12:07 15.04.2026 (ирҿыцуп: 12:39 15.04.2026)

© Foto / пресс-служба Администрации президента Абхазии
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 15 рзы Аԥсны Апрокуратура хада аԥҵоуижьҭеи 32 шықәса ҵуеит.
АҞӘА, мшаԥы 15 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарраҿы апрокуратура азакәан ахадареи, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчареи, аҳәынҭқарреи азинеиҿкаареи рырӷәӷәареи рҿы ихадоу ароль шынананагӡо.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарраҿы апрокуратура азакәан ахадареи, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчареи, аҳәынҭқарреи азинеиҿкаареи рырӷәӷәареи рҿы ихадоу ароль шынананагӡо.
"Шәара ишәыдуп азинтә ҳәынҭқарраҿ ихадоу апринципқәа – азакәани, аиашареи, азакәан аҿаԥхьа зегьы реиҟарареи рықәныҟәаразы аҭакԥхықәра ду", — ҳәа азгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.
Бадра Гәынба иҳәеит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы апрокуратура аусбарҭақәа рҿы амаҵ шыруаз иналукааша аиуристцәа, азиндырыҩцәа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, урҭ рзанааҭдырреи, рыпринципреи, рус гәык-ԥсыкала азыҟазаареи ауасхыр ӷәӷәа шышьҭарҵаз, аусзуҩцәа рабиԥара-ҿа урҭ атрадициақәа ишахәҭоу ԥхьаҟа ишнарго.
Аҳәынҭқарра ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит рџьабаазы, аҭоуба азиашаразы, рзанаааҭ ҩаӡара ҳарак азы, аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, амаҵзураҿы ақәҿиара ҿыцқәа.
Аҳәынҭқарра ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит рџьабаазы, аҭоуба азиашаразы, рзанаааҭ ҩаӡара ҳарак азы, аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, амаҵзураҿы ақәҿиара ҿыцқәа.
