https://sputnik-abkhazia.info/20260415/1062397861.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Атәыла ахада иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарраҿы апрокуратура азакәан... 15.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-15T13:01+0300
2026-04-15T13:01+0300
2026-04-15T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/0f/1062397695_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_a5926a31a41eeaa8478cccd442925431.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Атәыла ахада иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарраҿы апрокуратура азакәан ахадареи, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчареи, аҳәынҭқарреи азинеиҿкаареи рырӷәӷәареи рҿы ихадоу ароль шынананагӡо."Шәара ишәыдуп азинтә ҳәынҭқарраҿ ихадоу апринципқәа – азакәани, аиашареи, азакәан аҿаԥхьа зегьы реиҟарареи рықәныҟәаразы аҭакԥхықәра ду", — ҳәа азгәаҭоуп адныҳәаларатә текст аҿы.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон аатит ҳәа адырра ҟаиҵеит атәыла ахада Бадра Гәынба. Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит аицлабра алԥшаараҿы аиҭакрақәа шыҟамло, аха аҵаратә программа азнеишьа аҽшаԥсахуа. Ауаа алххоит аҳәынҭқарратә напхгараҭара, асоциалтә усқәа, аекономика, аграртә политика ахырхарҭала разыҟаҵаразы. "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон ахықәкқәа рҽырыԥсахӡом. Ари аҟыбаҩ злоу, аԥышәа змоу, аҭакԥхықәра ду зцу аӡбарақәа рыдкылара иазхиоу ауаа рыԥшаара ауп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада "Аԥсныи акоманда" иазку афильм аҿы. **Ахәыҷқәеи аҿари рыҭҵаарадырра-техникатә рҿиаразы аицлабра "Атом акод" рхы аладырхәыр рылшоит 12-17 шықәса зхыҵуа Аԥсны ахаҭарнакцәа. Уи азы атомтә қалақьқәа аиашьара зыбжьоу — Гагра, Афон ҿыц, Пицунда, Аҟәа, Тҟәарчал рхаҭарнакцәа онлаин-тестқәа ирхысроуп мшаԥы 19 рҟынӡа. Анаҩс дара ироуеит аицлабратә дҵа, уи аекспертцәа ахәшьара арҭоит мшаԥы 30 рҟынӡа. Ироуз абаллқәа рышьаҭала акомиссиа лаҵара 7 рзы ишьақәнаргылоит акомандақәа реилазаара, абарҭ аҵаратә хәҭақәа рахь инанаго: лаҵара 18-29 рзы — арҵаратә онлаин-модуль, рашәара 27 инаркны ԥхынгәы 3 рҟынӡа — анҭыҵтәи асеминар, цәыббра 1 инаркны жьҭаара 31 рҟынӡа — алахәылацәеи арҵаҩцәеи рзы атомтә фымцастанциақәеи аҟазара-классқәеи рахь аекскурсиақәа.
Апроект ҿыц "Аԥсны аҭоурых" ҳҭоурых англыз бызшәала изырцәажәо, абиԥара қәыԥшқәа зызҿлымҳахаша проектуп ҳәа арадио Sputnik аҿы игәаанагара иҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿар аус рыцуреи абаҩрҵәыреи рзы аҟәша аиҳабы Валера Берзениа. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аҭоурых аларҵәареи агәыбылра дыркреи аусаҿ ҳаамҭазтәи азнеишьақәа ахархәара рыҭалатәуп. "Апроект аҳәаанырцә инхо ҳҿар, мамзаргьы аҭоурых знапы алаку зегьы азҿлымҳара рызцәырнагап ҳәа сгәы иаанагоит. Избанзар ари иҿыцу знеишьоуп, иҿыцу хәыцшьоуп, аха ихадоу — ҳамҭа иақәшәоит", — иҳәеит Берзениа.
Бадра Гәынба Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Атәыла ахада иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарраҿы апрокуратура азакәан ахадареи, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчареи, аҳәынҭқарреи азинеиҿкаареи рырӷәӷәареи рҿы ихадоу ароль шынананагӡо."Шәара ишәыдуп азинтә ҳәынҭқарраҿ ихадоу апринципқәа – азакәани, аиашареи, азакәан аҿаԥхьа зегьы реиҟарареи рықәныҟәаразы аҭакԥхықәра ду", — ҳәа азгәаҭоуп адныҳәаларатә текст аҿы. Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон аатит ҳәа адырра ҟаиҵеит атәыла ахада Бадра Гәынба. Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит аицлабра алԥшаараҿы аиҭакрақәа шыҟамло, аха аҵаратә программа азнеишьа аҽшаԥсахуа. Ауаа алххоит аҳәынҭқарратә напхгараҭара, асоциалтә усқәа, аекономика, аграртә политика ахырхарҭала разыҟаҵаразы. "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон ахықәкқәа рҽырыԥсахӡом. Ари аҟыбаҩ злоу, аԥышәа змоу, аҭакԥхықәра ду зцу аӡбарақәа рыдкылара иазхиоу ауаа рыԥшаара ауп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада "Аԥсныи акоманда" иазку афильм аҿы. **Ахәыҷқәеи аҿари рыҭҵаарадырра-техникатә рҿиаразы аицлабра "Атом акод" рхы аладырхәыр рылшоит 12-17 шықәса зхыҵуа Аԥсны ахаҭарнакцәа. Уи азы атомтә қалақьқәа аиашьара зыбжьоу — Гагра, Афон ҿыц, Пицунда, Аҟәа, Тҟәарчал рхаҭарнакцәа онлаин-тестқәа ирхысроуп мшаԥы 19 рҟынӡа. Анаҩс дара ироуеит аицлабратә дҵа, уи аекспертцәа ахәшьара арҭоит мшаԥы 30 рҟынӡа. Ироуз абаллқәа рышьаҭала акомиссиа лаҵара 7 рзы ишьақәнаргылоит акомандақәа реилазаара, абарҭ аҵаратә хәҭақәа рахь инанаго: лаҵара 18-29 рзы — арҵаратә онлаин-модуль, рашәара 27 инаркны ԥхынгәы 3 рҟынӡа — анҭыҵтәи асеминар, цәыббра 1 инаркны жьҭаара 31 рҟынӡа — алахәылацәеи арҵаҩцәеи рзы атомтә фымцастанциақәеи аҟазара-классқәеи рахь аекскурсиақәа. Апроект ҿыц "Аԥсны аҭоурых" ҳҭоурых англыз бызшәала изырцәажәо, абиԥара қәыԥшқәа зызҿлымҳахаша проектуп ҳәа арадио Sputnik аҿы игәаанагара иҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҿар аус рыцуреи абаҩрҵәыреи рзы аҟәша аиҳабы Валера Берзениа. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аҭоурых аларҵәареи агәыбылра дыркреи аусаҿ ҳаамҭазтәи азнеишьақәа ахархәара рыҭалатәуп. "Апроект аҳәаанырцә инхо ҳҿар, мамзаргьы аҭоурых знапы алаку зегьы азҿлымҳара рызцәырнагап ҳәа сгәы иаанагоит. Избанзар ари иҿыцу знеишьоуп, иҿыцу хәыцшьоуп, аха ихадоу — ҳамҭа иақәшәоит", — иҳәеит Берзениа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/0f/1062397695_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_16ed47edc21b15b8e35b69c6f0774fce.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио