Гагра ахыбрақәа адәахьтәи рҿаԥшылараҿы агалереиа иалаблыз асахьақәа реиҭарҿиара иалагеит
14:32 15.04.2026 (ирҿыцуп: 18:18 15.04.2026)

© Foto
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 15 — Sputnik. Гагра ахыбрақәа адәахьтәи рҿаԥшылараҿы Амилаҭтә галереиа иалаблыз асахьақәа реиҭарҿиара иалагеит.
Актәи амурал аҟны иаадырԥшуеит аԥсуа сахьаҭыхҩы Венера Гагәылиаԥҳа 1974 шықәсазтәи лусумҭа "Ашәҭқәа".
Иааидкыланы апроект "Феникс: аԥсуа ҟазацәа рсахьақәа реиҭарҿиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақь аҿы иаԥырҵоит амонументалтә сахьақәа 5, урҭ рсиужетқәа иаадырԥшуеит амца иалаблыз жәҩык аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа ҳәа аанацҳауеит ИАЕ "Абааҭа".
Апроект нагӡахоит Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
2024 шықәса ажьырныҳәамзазы иҟалаз амцакра иахҟьаны Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра ааха ӷәӷәа аиуит, Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд шьаҭанкыла иблит уҳәар алшоит. 4 нызқь рҟынӡа иҟаз асахьақәа рҟынтәи зеиқәырхара алыршахаз 200 зыҵәык роуп.