https://sputnik-abkhazia.info/20260415/1062409109.html
Бадра Гәынба дырԥылеит Амедиалига ахадара
Бадра Гәынба дырԥылеит Амедиалига ахадара
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 15 — Sputnik. Бадра Гәынба ашьапылампыл азы Амедиалига ахада Николаи Осипови ААЛ атехникатә наԥхгаҩы Дмитри Кортааи дырԥылеит ҳәа аанацҳауеит... 15.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-15T20:32+0300
2026-04-15T20:32+0300
2026-04-15T22:05+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аспорт
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/0f/1062408950_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_2e55fe524b8774bf86facff2266f2b6b.jpg
АҞӘА, мшаԥы 15 — Sputnik. Бадра Гәынба ашьапылампыл азы Амедиалига ахада Николаи Осипови ААЛ атехникатә наԥхгаҩы Дмитри Кортааи дырԥылеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.Аиԥылараҿы Амедиалига иааиуа асезон ҿыц аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, атәыла анаԥхгара Ашьапылампыл азы аҿар рлига ахәмаррақәа рымҩаԥгаразы иахәҭоу ацхыраара шыҟарҵо, уахь ишаҵанакуа Аҟәа асезон ҿыц аартратә матчгьы. Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, уи ареспублика аспорт аҿиареи атәыла ахьӡ-аԥша аизырҳареи иацхраауеит.Николаи Осипов иҟарҵаз адгыларазы ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, Амедиалига Аԥсны иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ишазхиоу шьақәирӷәӷәеит ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҳәынҭспортеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуеи.
https://sputnik-abkhazia.info/20260413/1062364726.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/0f/1062408950_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_1cf6ed704bb15608ea131f274244039c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аспорт, бадра гәынба
ажәабжьқәа, аԥсны, аспорт, бадра гәынба
Бадра Гәынба дырԥылеит Амедиалига ахадара
20:32 15.04.2026 (ирҿыцуп: 22:05 15.04.2026) АҞӘА, мшаԥы 15 — Sputnik. Бадра Гәынба ашьапылампыл азы Амедиалига ахада Николаи Осипови ААЛ атехникатә наԥхгаҩы Дмитри Кортааи дырԥылеит ҳәа
аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҿы Амедиалига иааиуа асезон ҿыц аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, атәыла анаԥхгара Ашьапылампыл азы аҿар рлига ахәмаррақәа рымҩаԥгаразы иахәҭоу ацхыраара шыҟарҵо, уахь ишаҵанакуа Аҟәа асезон ҿыц аартратә матчгьы. Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, уи ареспублика аспорт аҿиареи атәыла ахьӡ-аԥша аизырҳареи иацхраауеит.
Николаи Осипов иҟарҵаз адгыларазы ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, Амедиалига Аԥсны иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ишазхиоу шьақәирӷәӷәеит ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҳәынҭспортеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуеи.