Аҟәа ариаҵәаразы акомиссиа аиҭашьақәыргыларазы иазгәаҭоу аҭыԥқәа гәанаҭеит
20:56 15.04.2026 (ирҿыцуп: 22:07 15.04.2026)

© Foto / пресс-служба администрации Сухума
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 15 — Sputnik. Аҟәа ариаҵәаразы акомиссиа аиҭашьақәыргыларазы иазгәаҭоу аҭыԥқәа гәанаҭеит.
Акомиссиа алахәылацәа иахәаԥшит аҳҭнықалақь уахьналало Ешба имҩаду, Курченко лыхьӡ зху апарк, Аҟәатәи 1-тәи ақалақьтә поликлиника аҿаԥхьа иҟоу апарк.
Акомиссиа алахәылацәа иахәаԥшит аҳҭнықалақь уахьналало Ешба имҩаду, Курченко лыхьӡ зху апарк, Аҟәатәи 1-тәи ақалақьтә поликлиника аҿаԥхьа иҟоу апарк.
"Ақалақь уахьналало х-кипарис ҵлак иҩаны игылоуп, урҭ хҵәаны аҵла ҿыцқәа еиҭаҳҳоит. Иара убасгьы аа-ҵлак ыҟоуп ихҵәатәу. Амҩаду хадаҿы аҵлақәа еиҭаҳҳоит", — ҳәа азгәеиҭеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ, акомиссиа ахантәаҩы Константин Ҭарба.
Аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, иара убасгьы игәаҭан Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр иахьаҵанакуеи НИИеПиТ ахь инагоу амардуани.
Ҭарба иазгәеиҭеит, ашьаҟауааи ауаажәларратә транспорт ахархәаҩцәеи ирзыманшәалахарц азы ишазгәаҭоу аанҭгыларҭа авокзал аҿаԥхьа адгьылҵаҟатәи амҩаду иазааигәаны аҟаҵара.
Ҭарба иазгәеиҭеит, ашьаҟауааи ауаажәларратә транспорт ахархәаҩцәеи ирзыманшәалахарц азы ишазгәаҭоу аанҭгыларҭа авокзал аҿаԥхьа адгьылҵаҟатәи амҩаду иазааигәаны аҟаҵара.
