Џьынџьалԥҳа: Гәылрыԥшь ахәыҷы лҭахара Аԥсны ауаажәларра асистематә уадаҩрақәа аанарԥшит
16:54 16.04.2026 (ирҿыцуп: 17:38 16.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 16 — Sputnik. Гәылрыԥшь араион аҿы хышықәса зхыҵуа ахәыҷы лҭахара Аԥсны ауаажәларраҿы иҟоу асистематә уадаҩрақәа ааныртит, абри атәы лҳәеит ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчараз азинмч змоу Мактина Џьынџьалԥҳа, ари азҵаара иазкыз астол гьежь аҿы данықәгылоз.
Лара лажәақәа рыла, уи азакәан "Аҩнытә қәымчреи гәымбылџьбарыла азныҟәареи" ирызку ахьыҟам, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, ахәыҷкәа рзинқәа рыхьчараҿы аус зуа ауаажәларратә активистцәеи рыбжьара аусеицура арӷәӷәара хымԥадатәиуп.
"Акыр ҵуеит ҳамчқәа реидкылара аҭахны иҟоуижьҭеи, избан акәзар, ҳара ҳусбарҭақәа зегьы ҳзинмчқәа рҳәаа иҭагӡаны хаз-хазы иҳамчу зегьы ҟаҳҵоит. Ҳаидгыланы мацара ауп абарҭ реиԥш иҟоу кыр зҵазкуа азҵаарақәа рыӡбара шҳалшо", — азгәеиҭеит Џьынџьалԥҳа.