Амузыка ҿыц афестиваль "Ааԥын" мҩаԥгахоит Аԥсны лаҵара 1-3 рзы
20:34 16.04.2026 (ирҿыцуп: 20:47 16.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 16 — Sputnik. Амузыка ҿыц афестиваль "Ааԥын" мҩаԥгахоит Аԥсны лаҵара 1-3 рзы, абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ауснагӡатә аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рмузыкатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә оркестр апродиусер Гәдиса Арухаа.
Иара иажәақәа рыла, афестиваль ажанр рацәала еиларсоуп — Горловка ақалақь аҟынтәи архиереиатә хор Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы иқәгылоит, ахип-хоп ашәаҳәаҩцәа, асаксофонарҳәаҩцәа, абалалаирҳәаҩцәа, авокалистцәа, иара убас аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәагьы.
Уи адагьы, афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны арратә корреспондент Семион Пегов арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥигоит, ихатәы жәеинраалақәа дрыԥхьоит. Иара убас асахьаҭыхыҩцәа Алексеи Гинтовти Аравик Малхасиани рцәыргақәҵа аартхоит.