Кәтолтәии Тҟәарчалтәии алхырҭатә ҭыԥ хадақәа алхрақәа иазхиоуп
15:14 17.04.2026 (ирҿыцуп: 20:22 17.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 17 — Sputnik. Кәтолтәии Тҟәарчалтәии алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҟны мшаԥы 18 рзы имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа иазхиоуп.
Алхратә комиссиа хада алахәыла Алиас Бранӡиа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, асиақәа ианаамҭаз икнарҳаит, абиуллетенқәа акомиссиақәа рахь инарышьҭит.
Зынӡа Кәтолтәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны алхратә ҭыԥқәа хәбеи 2355-ҩык алхыҩцәеи ыҟоуп. Тҟәарчал – ԥшь-ҭыԥки 1926-ҩык алхыҩцәеи.
Абжьыҭира мҩаԥысуеит асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа. Уи ашьҭахь абжьқәа рыԥхьаӡара иалагоит.
Заанаҵтәи аихшьаалақәа еилкаахоит адырҩаҽны, мшаԥы 19 рзы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Апарламент аҿы ахысраан ишьыз адепутат Вахтанг Гәаланӡиа изинмчқәа заанаҵы раанкылареи, адепутат Герман Каҷараа Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа дахьаҭои инарымаданы.
Акандидатцәа рҭаҩра хыркәшахеит мшаԥымза 7 рзы.
Кәтолтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №30 аҟынтәи депутатс Геннади Ҵлаииа икандидатура ықәгылоуп, Тҟәарчалтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №34 аҟынтәи — Ешсоу Дочиа.