Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Рыдван Хан-иԥа ишьразы аӡбамҭа аднакылеит
22:19 17.04.2026 (ирҿыцуп: 22:29 17.04.2026)

© Sputnik / Сергей Пятаков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 17 — Sputnik. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Рыдван Хан-иԥа ишьразы аӡбамҭа аднакылеит.
Ацәгьоуразы Ахара рыдырҵон Али Ибрагимови Оибек Саломови.
Ибрагимов гәҭакыла ауаҩшьреи, закәаншьаҭада абџьар аикәыршареи рзы ахара идҵоуп, иара 13 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы аҭакра иқәҵоуп.
Оибек Саломов ауаҩшьреи абџьар аикәыршареи рзы ацхыраара аҭареи рзы ахара идҵоуп. Аӡбарҭа аӡамҭала иара 11 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы дҭакызаауеит.
Аԥсни Ҭырқәтәылеи ртәылауаҩ Рыдван Хан-иԥа дшьын нанҳәа 6 рзы Аҟәа ақалақь Џьонуа имҩаҟны игылоу аҩнқәа руак ашҭаҟны. Иара 8-нтә иреиҵамкәа иеихсит 9 мм зкалибр ыҟоу атапанча ала.
Иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аҭыԥаҟны иԥсҭазаара далҵит. Саломови Ибрагимови рыԥшаара рылаҳәан, даар Гал ақалақь аҟны иаанкылан.