Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит Кәтоли Тҟәарчали алхратә ҭыԥқәа рҿы
08:00 18.04.2026 (ирҿыцуп: 10:13 18.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Апарламент аҿы ахысраан ишьыз адепутат Вахтанг Гәаланӡиа изинмчқәа заанаҵы раанкылареи, адепутат Герман Каҷараа Тҟәарчал араион ахадас дахьаҭоуи инарымаданы.
АҞӘА, мшаԥы 18 — Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа рзы Кәтолтәии Тҟәарчалтәии алхратә ҭыԥ хадақәа рышәқәа аартуп.
Абжьыҭара мҩаԥыслоит асааҭ 8:00 инаркны 20:00-нӡа. Раԥхьатәи алҵшәақәа рылаҳәахоит мшаԥымза 19 рзы.
Кәтолтәи 30-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада аҟнытә депутатс Генади Ҵлаииа икандидатура ықәгылоуп, Тҟәарчалтәи 34-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада аҟнытәи — Ешсоу Дочиа.
Аԥсны Апарламент депутатс дҟалар илшоит дарбанзаалак 25 шықәса ирҭысхьоу, алхратә зин змоу атәылауаҩ. Далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит абжьыҭара иалахәыз алхыҩцәа реиҳараҩык рыбжьы зырҭаз. Алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа ишьоуп асиа иану рҟынтәи инеиз рхыԥхьаӡара 25% еиҵазар. Абжьыҭара азин рымоуп 18 шықәса ирҭысхьоу Аԥсны атәылауаа.