https://sputnik-abkhazia.info/20260418/1062457877.html
Аҟәа апальма ҵлақәа гәцаракрыла рыхәшәтәра азгәаҭоуп
Аҟәа апальма ҵлақәа гәцаракрыла рыхәшәтәра азгәаҭоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 18 — Sputnik. Аҟәа апальма ҵлақәа еиҳа гәцаракрыла рыхәшәтәра мҩаԥгахоит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ... 18.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-18T14:28+0300
2026-04-18T14:28+0300
2026-04-18T14:54+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/03/13/1050517461_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_714dd868bf09470996609595fe8bb047.jpg
АҞӘА, мшаԥы 18 — Sputnik. Аҟәа апальма ҵлақәа еиҳа гәцаракрыла рыхәшәтәра мҩаԥгахоит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба. Ҭарба иҳәеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақалақь аҿы есышықәса жәабала апальма ҵлақәа шԥсуа. Сынтәа аҵлақәа рыхәшәтәра иалагоит лаҵарамза инаркны , ашықәс иалагӡаны акырынтә ирхәшәтәуеит.Иара убас Ҭарба иҳәеит, ақалақь ахадара иԥсыз апальма ҵлақәа рҭыԥаҿ аҿыцқәа реиҭаҳара азгәаҭаны ишрымоу.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/03/13/1050517461_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_b98000374c2d4e52bab41fede345be1f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аҟәа апальма ҵлақәа гәцаракрыла рыхәшәтәра азгәаҭоуп
14:28 18.04.2026 (ирҿыцуп: 14:54 18.04.2026) АҞӘА, мшаԥы 18 — Sputnik. Аҟәа апальма ҵлақәа еиҳа гәцаракрыла рыхәшәтәра мҩаԥгахоит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.
"Ишдыру еиԥш, ҳпальмақәа ачымазарақәа рымоуп, ҳара дара есышықәса иаҳхәшәтәуеит, уи азы абиуџьет ҳамоуп. Урыстәылатәи ҳколлегацәа рыбзоурала атехникагь ҳарҭеит. Уажәшьҭа апальма ҵлақәа еиҳа гәцаракрыла рыхәшәтәра ҳалшоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ҭарба иҳәеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақалақь аҿы есышықәса жәабала апальма ҵлақәа шԥсуа. Сынтәа аҵлақәа рыхәшәтәра иалагоит лаҵарамза инаркны , ашықәс иалагӡаны акырынтә ирхәшәтәуеит.
Иара убас Ҭарба иҳәеит, ақалақь ахадара иԥсыз апальма ҵлақәа рҭыԥаҿ аҿыцқәа реиҭаҳара азгәаҭаны ишрымоу.