"Аԥсны акоманда" афиналистцәа Даӷьсҭанҟа 15 тонна аӡыржәтә рзыргеит
14:48 18.04.2026 (ирҿыцуп: 15:38 18.04.2026)

© Foto / МЧС Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 18 — Sputnik. "Аԥсны акоманда" афиналистцәа Даӷьсҭан аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз 15 тонна аӡыржәтә рзыргеит.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ргәаанагарала, ари акциа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраҿы рыцхраара адагьы, аҩ-республикак рҿар рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазырхоуп.
Уаанӡа Аԥсны анапхгара ааха зауз араионқәа рахь 80 тонна аӡыржәи зда ԥсыхәа ыҟам афатәи рышьҭхьан, ареспублика аҟынтәи ааха ахҟьаԥҟьақәа рықәгараҿы рхы аладырхәит. Ауаажәларра иара убасгьы еиҿыркаауеит Даӷьсҭан ауааԥсыра рыцхырааразы аԥара еизыргоит.
Хәажәкырамза анҵәамҭеи мшаԥымза 5 рзы Даӷьстан ақәаршҩы ӷәӷәақәа леит, ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы аӡқәа хыҵны аҩнқәа ирыҩналеит. Аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны аӡи афымцамчи еиԥҟьеит, амҩадуқәеи адәыӷбамҩақәеи аӡы иҵнаӡәӡәааит, адгьылҳәазара иахҟьаны ирацәоуп еилаҳаз аҩнқәа. Фҩык ауаа ҭахеит, зықьҩыла ауаа рыҩнқәа ирхыргеит.