00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны имҩаԥысит аинтеллектуалтә хәмаррақәа рфестиваль

© Sputnik Арда ЛушбаФестиваль интеллектуальных игр состоялся в Сухуме.
Фестиваль интеллектуальных игр состоялся в Сухуме. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2026
Анапаҵаҩра
Аицлабрақәа ирылахәын 27 команда, урҭ рыбжьара иҟан ашколхәыҷқәа, астудентцәа, иара убас адуцәа.
АҞӘА, мшаԥы 18 — Sputnik. Аԥсны имҩаԥысит аинтеллектуалтә хәмаррақәа рфестиваль.

Аинтеллектуал-ҟазаратә клуб "Диуна" аиҿкааҩ, ахада Асиа Саносиан лажәақәа рыла, афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аспорттә версиа "Иарбан? Иаба? Ианба?", "Бреин Ринг" аицлабрақәа.

"Иарбан? Иаба? Ианба?" аҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит акоманда "Зыԥсахы ԥжәо жәаҩык ахацәа", аҩбатәи — "Роблоксаа", ахԥатәи — "Brothers". "Бреин Ринг" аҿы аиааира ргеит "Роблоксаа", аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит "Brothers", ахԥатәи — "Зыԥсахы ԥжәо жәаҩык ахацәа".

Саносиан илҳәеит "Ахатәы хәмарра" азы аилыԥшааратә еицлабрагь шымҩаԥгаз. Аиндаҭлара мҩаԥысуеит уаҵәы MOOORE.TV астудиаҿы, ахәаԥшраз алшара ҟалоит аинтернет аҿы.

Аицлабрақәа ирылахәын 27 команда, урҭ рыбжьара иҟан ашколхәыҷқәа, астудентцәа, иара убас адуцәа.

Саносиан ишазгәеиҭаз ала, афестиваль аиҿкааразы аклуб "Диуна" апроект аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҿы аиааира агеит, Урыстәыла ахада игрантқәа афонд аҟынтәи адгылара аиуит.

Аҽазыҟаҵарақәа ԥшьымз ицон. Аклуб алахәылацәа ареспублика ақалақьқәа рахь инеиуан, ашколхәыҷқәа аус рыцыруан, ауниверситети аколлеџьқәеи рҿы аҽазыҟаҵарақәеи, аилыԥшааратә хәаррақәеи, аҟазатә-классқәеи, аицлабра маҷқәеи мҩаԥыргон ҳәа азгәалҭеит лара.

Саносиан илҳәеит апроект аинтеллектуалтә ԥсшьараамҭатә усмҩаԥгатәқәа рыларҵәара хықәкыс ишамоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0