Кәтоли Тҟәарчали рҿы Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит ауааԥсыра рааирала
19:05 18.04.2026 (ирҿыцуп: 22:06 18.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Кәтолтәи аҩбатәии Тҟәарчалтәии алхратә ҭыԥ хадақәа рҿы аҽҳәараанӡатәи Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит.
АҞӘА, мшаԥы 18 — Sputnik. Кәтоли Тҟәарчали рҿы Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит ауааԥсыра рааирала ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит алхратә ҭыԥ хадақәа ркомиссиақәа.
Асааҭ 18:00 рзтәи адыррақәа рыла, Кәтолтәи алхратә ҭыԥ хадаҿы 792-ҩык рыбжьы рҭиихьан, ари 33% инареиҳауп.
Тҟәарчалтәи алхратә ҭыԥ хадаҿы 603-ҩык рыбжьы рҭиит, уи 30% инареиҳауп.
Алхрақәа мҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡоуп 25% алхыҩцәа рыбжьы рҭиизар.
Алхратә ҭыԥ хадақәа ркомиссиақәа ирҳәеит макьана ауаа абжьыҭара ишааиуа, алхрақәа иҭышәынтәаланы ишмҩаԥысуа.