Ашьапылампылтә команда "Аԥсны" мшаԥымзеи лаҵарамзеи рзы ахәмаррақәа хԥа аднакылоит
12:29 20.04.2026 (ирҿыцуп: 13:21 20.04.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 20 — Sputnik. Ашьапылампылтә команда "Аԥсны" мшаԥымзеи лаҵарамзеи рзы аҩнытәи ахәмаррақәа хԥа аднакылоит аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны, абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Амедиалига ахада Николаи Осипов.
Актәи ахәмарра мҩаԥгахоит мшаԥымза 24 рзы, акомандақәа "Аԥсны" "АМКАЛ" иеиԥылоит. Лаҵарамза 1 азы аблогер Wylsacom икоманда "Егриси" иацыхәмароит. Лаҵарамза 8 рзы — 2DROTS. Аматч Аиааира Ду амш аҳаҭыраз имҩаԥгахоит.
Уи ашьҭахь арҭ акомандақәеи дареи Москва анҭыҵтәи ахәмаррақәа хԥа мҩаԥыргоит.
"Аԥсны" аплеи-офф ахь инеир, Амедиалига асезон аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа имҩаԥысуа ахәмаррақәа ирыцҵахоит.