Апроект "Ақәҿиарақәа рҵакыра" ахь азыҳәақәа рыдкылара аҿҳәара иацҵоуп лаҵарамза 1 аҟынӡа
19:00 20.04.2026 (ирҿыцуп: 10:13 21.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 20 — Sputnik. Апроект "Ақәҿиарақәа рҵакыра" ахь азыҳәақәа рыдкылара аҿҳәара иацҵоуп лаҵарамза 1 аҟынӡа.
Уи рхы аладырхәыр рылшоит урыстәылатәи атомтә қалақьқәеи аиашьара зыбжьоу ахәаанырцәтәи ақалақьқәа рҟынтәи ахәыҷқәа: Гагра, Афон ҿыц, Пицунда, Аҟәа, Тҟәарчал, абри атәы аанацҳауеит афонд "АТР АЕС".
Аицлабра еиуеиԥшым атемақәа еиднакылоит: алитературатә ҟазара, апоезиа, асахьаҭыхра, актиортә ҟазара назлоу амода, амультипликациа, иара убас апроект "Пегас".
Арҭ апроектқәа рҿы аиааира згаз Санкт-Петербург, Твертәи аобласт, Москва имҩаԥгахо жәларбжьаратәи арҿиаратә еиԥыларақәа рахь ааԥхьара рыҭахоит. Урҭ рыхьӡқәа рылаҳәахоит лаҵарамза анҵәамҭазы.