Амилаҭтә мессенџьер аус аруразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит
20:24 20.04.2026 (ирҿыцуп: 10:12 21.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 20 — Sputnik. Амилаҭтә мессенџьер аус аруразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит IVA Technologies ахада Станислав Иодковски.
Иара иажәақәа рыла, ари аԥшьгамҭа иалацәажәеит мшаԥымза алагамҭазы имҩаԥысыз афорум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" аҟны.
Иара убас IT-кластер аргыларазы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит. Арҭ ажәалагалақәа атәыла анапхгара адгылара арҭоит иҳәеит Иодковски.
Аԥсны IT аҿиара егьырҭ аусхкқәа, раԥхьа иргыланы аҵареи амедицинеи рыҿиара иацхраауеит ҳәа агәаанагара имоуп Иодковски.