Аԥсны абылтәы ахә ашьҭыҵра зыхҟьаз амзызқәа ртәы еиҭеиҳәеит Мышәба
21:08 20.04.2026 (ирҿыцуп: 10:21 21.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 20 — Sputnik. Аԥсны абылтәы ахә ашьҭыҵра — анҭыҵтәи амзызқәа ирыхҟьаз ԥсыхәа змам шьаҿоуп иҳәеит Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба.
Иара иажәақәа рыла, Мрагылара Ааигәа иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны анефҭаалыҵқәа зҭоу амкьаҭӷбақәа Ормузтәи аӡыбжьахала изахысӡом, уи азы адунеитәии урыстәылатәии абиржақәа рҿы ахәқәа ӷәӷәала ишьҭыҵит.
Уи адагьы, ааигәа Урыстәыла абензин алгаразы аԥкрақәа аланагалеит. Арҭ аԥкрақәа Аԥсны аҵанакуам, избанзар атәылақәа ирыбжьоу ҩганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны ареспубликахь абылтәы аагара иҷыдоу аԥҟарала иҳәаақәҵоуп.
Мышәба иажәақәа рыла, аԥснытәи абылтәы еилахәырақәа ахәқәа еиҳа ианылаҟәыз аамҭазы аҭаҵәахқәа ҟарҵеит, уи иабзоураны абылтәы ахәԥса ӷәӷәала аизҳара аԥырҟәҟәаан. Аҭагылазаашьа аамҭалатәиуп, аха ахәқәа анылаҟәуа макьаназы еилкаам.
"Ҳтәылаҿы абылтәы ҳзымхо аҭагылазаашьа ҳзаԥҵаӡом, аиҳарак акурорттә аамҭа аламҭалазы. Аилахәырақәа рыхәқәа маҷ-маҷ ашьҭыхра рықәшәеит, избанзар, уажәы дара ажьырныҳәеи жәабранмзеи раасҭа акырӡа еиҳаны абылтәы аахәаны иааргароуп", — иҳәеит Мышәба, Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо.