Тҟәарчал ақалақь аҩнуҵҟа автобус аныҟәара еиҭахацыркуп
11:32 22.04.2026 (ирҿыцуп: 12:12 22.04.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 22 — Sputnik. Тҟәарчал ақалақь аҩнуҵҟа автобус аныҟәара еиҭахацыркуп.
Амаршрут алагоит Лабахәуа имҩаҿы иҟоу абылтәыҭаҭәарҭатә станциа аҟынтәи, аҵыхәтәантәи аангыларҭа Аԥсҳа Леон имҩа аҟынӡа ҳәа азгәаҭоуп.
Амҩақьыра 30 мааҭ иаԥсоуп иҳәеит Тҟәарчалтәи ауаажәларратә транспорттә наплакы анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Адам Колбаиа.
Амаҩа ахырхарҭатә еихшанҵа:
Амҩақьыра 30 мааҭ иаԥсоуп иҳәеит Тҟәарчалтәи ауаажәларратә транспорттә наплакы анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Адам Колбаиа.
Амаҩа ахырхарҭатә еихшанҵа:
08:10 — абылтәыҭаҭәарҭа инаркны аџьармыкьа аҟынӡа,
08: 20 — аџьармыкьа инаркны аҵыхәтәантәи аангыларҭа аҟынӡа, нас шьҭахьҟа аџьармыкьахь,
11:00 — аџьармыкьа инаркны аҵыхәтәантәи аангыларҭа аҟынӡа,
11: 10 — аҵыхәтәантәи аангыларҭа инаркны аџьармыкьаҟынӡа
14:00 — аџьармыкьа инаркны аҵыхәтәантәи аангыларҭа аҟынӡа
14: 10 — аҵыхәтәантәи аангыларҭа абылтәыҭаҭәарҭа аҟынӡа.
