Аԥсны ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа 50 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит
12:24 22.04.2026 (ирҿыцуп: 13:33 22.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 22 — Sputnik. Аԥсны ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа иахьа 50 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит.
Ҷолокәуа – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Ломоносов М. В. ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети дроушьҭымҭоуп.
Ажурналистикаҿы ипрофессионалтә мҩа хацыркын 1994 шықәсазы Аԥснытәи Аҳәынҭтелерадиоеилахәыра аинформациатә программа "Амшеикәшара" акорреспондентс иусурала, анаҩс апрограмма "Аамҭа" анапхгаҩыс, аинформациатә программақәа рредакторс дыҟан.
"2005 шықәса атәыла ахада иалхрақәа рышьҭахь Алхас Ҷолокәуа Аԥсны ахада Иусбарҭахь аусура диасит, уаҟа аинформациеи АИХ-қәеи русбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иара Аԥснытәи Аҳәынҭтелерадиоеилахәыра ахантәаҩыс дыҟан, Аԥсны ахада Иусбарҭа Амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабыс, иара убас С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хадас дыҟан", — ҳәа аҳәоит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла адныҳәалараҿы.
2024 шықәса нанҳәамза инаркны иахьанӡа Алхас Ҷолокәуа Аԥсны ахада Иусбарҭа АИХ-қәа аус рыдуларазы Аусбарҭа напхгара аиҭоит, атәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩыс дыҟоуп.
Ажурналистцәа реидгыла аиублиар изеиӷьаршьоит агәабзиара, азанааҭтә қәҿиарақәа, аизҳазыӷьара.