Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа акурорттә аамҭахәҭа иазыхиоуп
13:44 22.04.2026 (ирҿыцуп: 14:26 22.04.2026)

© Sputnik / Константин Михальчевский
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 22 — Sputnik. Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа акурорттә аамҭахәҭа иазыхиоуп, аспециалистцәа рыла еиқәыршәоуп ҳәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба изеиҭеиҳәеит ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа.
Зегь реиҳа ирзымхоз ареаниматологцәеи, аҿкхәшәтәыҩцәеи, амедиеҳәшьцәеи ракәын. Ари ауадаҩра амедусҳәарҭа ахала аӡбра алшеит.
Зегь реиҳа ирзымхоз ареаниматологцәеи, аҿкхәшәтәыҩцәеи, амедиеҳәшьцәеи ракәын. Ари ауадаҩра амедусҳәарҭа ахала аӡбра алшеит.
"Сгәанала, урыстәылатәи ҳколлегацәа рыцхыраарада ҳамч ақәхоит. Есышықәса аҳақьымцәа ҳара ҳахь иаарышьҭуан, дара ишырцәыхьанҭазгьы, избанзар, аԥхын зехьынџьара аҿкчымазарақәа еизҳауеит", — ҳәа иҳәеит Гәниа.
Ҵыԥх ахәшәтәырҭаҿы ацхыраара рырҭеит 24,5 нызқьҩык ачымазцәа, урҭ рҟынтәи 15 нызқьҩык хәыҷқәоуп. 2026 шықәса актәи аԥшьбаразы 8 нызқьҩык рҟынӡа ачымазцәа ыҟан ашықәс ҿыц ашьҭахь излагаз аимҳәа чымазара иахҟьаны.
Гәниа иазгәеиҭеит ахәшәтәырҭаҿы иахәҭоу ахәшәқәа зегьы шыҟоу.
Ҭемыр Агрба иара убасгьы арҽеира зҭаху ауадақәа гәеиҭеит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура. Урҭ рыла ахарџьнҵа шьақәыргылоуп, аҩбатәи аихагылеи актәи аихагыла ахәҭақәеи – акоридор, палатақәак, ахәыҷқәа рыдкыларҭа еиҭашьақәдыргылахьеит.