Кәыдры аӡиас аӡыршьҭра рыԥсахит Кацикыҭ ақыҭа аӡы аҵамларц азы
14:15 22.04.2026 (ирҿыцуп: 14:28 22.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 22 — Sputnik. Кәыдры аӡиас аӡыршьҭра рыԥсахит Кацикыҭ ақыҭа аӡы аҵамларц азы.
Ақыҭа даҭааит атәыла ахада Бадра Гәынба. Иара изеиҭарҳәеит аусурақәа ҩымчыбжь рыла ишхыркәшаз — ашьхараҿ асы аӡыҭреи аӡхыҵрақәеи ирылагаанӡа. Аспециалистцәа аканалқәа мҩаныргеит, ахаҳә ықәыргеит, аӡы аҽацәыхьчагатә ӡыхкырақәа ҟарҵеит.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, аусурақәа х-қыҭаки аҳаирбаӷәаза акәша-мыкәшеи аӡхыҵра аԥырҟәҟәаара алыршахоит.
"Аусура ианаамҭоу ахыркәшара акырӡа аҵанакуеит. Уи ауааԥсыреи араион аинфраструктуреи ааха рмауртә иацхраауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.