Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш мҩаԥысит Аԥсны
16:11 22.04.2026 (ирҿыцуп: 17:12 22.04.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 22 — Sputnik. Аԥсны имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Анацистцәа асовет жәлар ирзыҟарҵаз агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш иазкыз ацәыргақәҵеи афильм арбареи Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа ахаҭарнакраҿы.
Урыстәыла ахада иҟны иҟоу аҭоурыхтә гәалашәара Амилаҭтә центр аус зыднаулаз аекспозициа "Ҿҳәарада. Асовет жәлар ргеноцид" аибашьра Ду ашықәсқәа раан афашистцәа хықәкыла асовет тәылауаа шҭадырхоз зыршаҳаҭуа архивтә документқәа ирызкуп.
"Ҳара ҳзы ихымԥадатәиуп аҭоурыхтә гәалашәара аицакра, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраҿы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиааира згаз ажәлар рроль аларҟәра рзы аҽазышәарақәа рҿагылара. Аҭоурых аицакра, иахьа активла иалкаау амчқәа рҽыззыршәо акцентқәа реиҭакра зегьы хҩахаха рымҭакәа еилаԥыххаалатәуп", — иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.

Адокументалтә фильм "Ауаатәыҩса рыхьӡала. Ҿҳәарада" 1941 шықәса инаркны 1945 шықәсанӡа имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирылахәыз ргәалашәарақәа ирылацәажәоит, иара убас иднарбоит Урыстәыла АдәАР аофициалтә хаҭарнакцәа, аекспертцәа шаҳаҭра ззыҟарҵо аумҭақәа.