https://sputnik-abkhazia.info/20260423/1062545824.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, атыли, аибашьра аветеранцәеи иаку рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара амҩаԥгара аԥҟарақәа... 23.04.2026, Sputnik Аҧсны
2026-04-23T13:01+0300
2026-04-23T13:01+0300
2026-04-23T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/17/1062545658_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f46acb62842418e466d733dcfdefd5ad.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, атыли, аибашьра аветеранцәеи иаку рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара амҩаԥгара аԥҟарақәа шьақәдырӷәӷәеит Аминистрцәа реилазаараҿы. Ашәҟәбӷьыц инақәыршәаны Атәылахьчара аминистрра еиқәнаршәоит арегистрқәа рышьақәыргылареи рымҩаԥгареи, аветеранцәа рзы адыррақәа реиқәырхареи рыҭареи. Иара убасгьы аусбарҭа ишьақәнарӷәӷәоит адыррақәа рыҭаразы азыҳәақәеи ашәҟәбӷьыцқәа рформақәа. Атәылахьчара аминистрра аветеранцәа рзы адыррақәа рзыҳәа роур аусуратә мшқәа хԥа иреиҳамкәа урҭ адыррақәа рырҭароуп, усеиԥш адыррақәа ыҟазаар аҳәара ҟазҵо ауаҩы иҭахар алшоит.
Аус знапы алаку аҳәса Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны-2026" мҩаԥысуеит Аҟәа мшаԥымза 24-25 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афорум ахантәаҩы Иулиа Гәымԥҳа.Аусмҩаԥгатә азкуп ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аус знапы алаку аҳәсақәа" еиҿкаауижьҭеи 25 шықәса ахыҵра. Афорум иаанырԥшуеит, ари аамҭа иалагӡаны аԥсуа бизнес аҽеиҭакреи, иааизакны атәыла аҿиареи ртәы ҳәа азгәалҭеит лара.Афорум рхы аладырхәуеит Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Ермантәыла, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи асасцәа. Иазгәаҭоуп аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара.
Аԥсны иаадыртуеит аҭаацәаратә ҟазшьа змоу Аҩны – Ареспубликатә кризистә центр. Абри азы ақәҵара рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы. Аусбарҭа аԥҵаразы аҭакԥхықәра адҵоуп ареспублика Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи аминистрра. Аусбарҭа анапынҵа аҭоуп 2027 шықәсазтәи аҳәынҭбиуџьет ашьақәыргылараан ацентр аусура афинанстә еиқәыршәаразы абиуџьеттә аԥаразоужьрақәа разԥхьагәаҭара.
Ашколқәа рҿы хәыда-ԥсада афатә ԥха аиура - Аԥсны амилаҭтә гәабзиара азҵаара акәны иҟоуп ҳәа азгәалҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа. Лара лажәақәа рыла, Аԥсны аус зуа ашколқәа 152 рҟынтәи 60 рҿы ари аҩыза акрыфара хкы аиҿкаара иазыхиоуп. "Ҳара даара иаҳҭаххоит аҭаацәа реилазаара рыдгылара, избанзар ахәыҷқәа ашкол аҿы афатә ԥха аҟазаара иашьцылароуп, цыралатәи аалыҵ мап ацәыркроуп", — ҳәа азгәалҭеит лара. Ари апрограмма алагалара аҿҳәара макьана еилкаам, аха Аҵара аминистрра Аԥсны ашколқәа рҿы иалагалазарц иалшо зегь ҟанаҵоит ҳәа лҳәеит Гәынԥҳа.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, атыли, аибашьра аветеранцәеи иаку рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара амҩаԥгара аԥҟарақәа шьақәдырӷәӷәеит Аминистрцәа реилазаараҿы. Ашәҟәбӷьыц инақәыршәаны Атәылахьчара аминистрра еиқәнаршәоит арегистрқәа рышьақәыргылареи рымҩаԥгареи, аветеранцәа рзы адыррақәа реиқәырхареи рыҭареи. Иара убасгьы аусбарҭа ишьақәнарӷәӷәоит адыррақәа рыҭаразы азыҳәақәеи ашәҟәбӷьыцқәа рформақәа. Атәылахьчара аминистрра аветеранцәа рзы адыррақәа рзыҳәа роур аусуратә мшқәа хԥа иреиҳамкәа урҭ адыррақәа рырҭароуп, усеиԥш адыррақәа ыҟазаар аҳәара ҟазҵо ауаҩы иҭахар алшоит. Аус знапы алаку аҳәса Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны-2026" мҩаԥысуеит Аҟәа мшаԥымза 24-25 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афорум ахантәаҩы Иулиа Гәымԥҳа.Аусмҩаԥгатә азкуп ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аус знапы алаку аҳәсақәа" еиҿкаауижьҭеи 25 шықәса ахыҵра. Афорум иаанырԥшуеит, ари аамҭа иалагӡаны аԥсуа бизнес аҽеиҭакреи, иааизакны атәыла аҿиареи ртәы ҳәа азгәалҭеит лара.Афорум рхы аладырхәуеит Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Ермантәыла, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи асасцәа. Иазгәаҭоуп аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара. Аԥсны иаадыртуеит аҭаацәаратә ҟазшьа змоу Аҩны – Ареспубликатә кризистә центр. Абри азы ақәҵара рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы. Аусбарҭа аԥҵаразы аҭакԥхықәра адҵоуп ареспублика Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи аминистрра. Аусбарҭа анапынҵа аҭоуп 2027 шықәсазтәи аҳәынҭбиуџьет ашьақәыргылараан ацентр аусура афинанстә еиқәыршәаразы абиуџьеттә аԥаразоужьрақәа разԥхьагәаҭара. Ашколқәа рҿы хәыда-ԥсада афатә ԥха аиура - Аԥсны амилаҭтә гәабзиара азҵаара акәны иҟоуп ҳәа азгәалҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа. Лара лажәақәа рыла, Аԥсны аус зуа ашколқәа 152 рҟынтәи 60 рҿы ари аҩыза акрыфара хкы аиҿкаара иазыхиоуп. "Ҳара даара иаҳҭаххоит аҭаацәа реилазаара рыдгылара, избанзар ахәыҷқәа ашкол аҿы афатә ԥха аҟазаара иашьцылароуп, цыралатәи аалыҵ мап ацәыркроуп", — ҳәа азгәалҭеит лара. Ари апрограмма алагалара аҿҳәара макьана еилкаам, аха Аҵара аминистрра Аԥсны ашколқәа рҿы иалагалазарц иалшо зегь ҟанаҵоит ҳәа лҳәеит Гәынԥҳа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/04/17/1062545658_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_bb253b16301f85fdb79b2f88bebf87df.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио