00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аԥхынтәи асезон 2026: изеиԥшрахарц алшо атәы ҳалацәажәоит
13:33
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахада ҿыц далхуп: иҿцәажәара
13:37
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Главный четверг
Вода, свет и мусор: о насущных вопросах Галского района в интервью с главой
14:21
4 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Такие обстоятельства
Возрождение села: взгляд эксперта на ключевые шаги и препятствия
14:47
25 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсны абизнес маҷи, абжьаратәи, иазырхоу апрограмма: сынтәа аус шауло еилаҳкаауеит
18:16
3 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, атыли, аибашьра аветеранцәеи иаку рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара амҩаԥгара аԥҟарақәа шьақәдырӷәӷәеит Аминистрцәа реилазаараҿы. Ашәҟәбӷьыц инақәыршәаны Атәылахьчара аминистрра еиқәнаршәоит арегистрқәа рышьақәыргылареи рымҩаԥгареи, аветеранцәа рзы адыррақәа реиқәырхареи рыҭареи. Иара убасгьы аусбарҭа ишьақәнарӷәӷәоит адыррақәа рыҭаразы азыҳәақәеи ашәҟәбӷьыцқәа рформақәа. Атәылахьчара аминистрра аветеранцәа рзы адыррақәа рзыҳәа роур аусуратә мшқәа хԥа иреиҳамкәа урҭ адыррақәа рырҭароуп, усеиԥш адыррақәа ыҟазаар аҳәара ҟазҵо ауаҩы иҭахар алшоит.
Аԥсны иаадыртуеит аҭаацәаратә ҟазшьа змоу Аҩны – Ареспубликатә кризистә центр. Абри азы ақәҵара рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы. Аусбарҭа аԥҵаразы аҭакԥхықәра адҵоуп ареспублика Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи аминистрра. Аусбарҭа анапынҵа аҭоуп 2027 шықәсазтәи аҳәынҭбиуџьет ашьақәыргылараан ацентр аусура афинанстә еиқәыршәаразы абиуџьеттә аԥаразоужьрақәа разԥхьагәаҭара.
Асоциалтә дгыларатә уснагӡатәқәа роулоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраани уи иахҟьани хабарда ибжьаӡыз рҭаацәарақәа рлахәылацәа. Абри азы ақәҵара рыдыркылеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы.Уажәшьҭарнахыс, анаҩс аҭаацәара иаламлаз хабарда ибжьаӡыз рыҳәсеи, иара убас урҭ рҭаацәеи (изааӡози) 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьра аинвалидцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа, зыԥсҭазаара иалҵыз аинвалидцәа рҭаацәарақәа тәанчахәыла реиқәыршәаразы азакәан ишьақәнаргылаз аԥҟара инақәыршәаны атәанчахәы роулоит. Уи адагьы, урҭ Аԥсни уи анҭыҵи амедицинатә цхыраара роулоит, иара убас есышықәса хәыда-ԥсада асанатор-курорттә хәшәтәра иахыслоит.
Аус знапы алаку аҳәса Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны-2026" мҩаԥысуеит Аҟәа мшаԥымза 24-25 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афорум ахантәаҩы Иулиа Гәымԥҳа.Аусмҩаԥгатә азкуп ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аус знапы алаку аҳәсақәа" еиҿкаауижьҭеи 25 шықәса ахыҵра. Афорум иаанырԥшуеит, ари аамҭа иалагӡаны аԥсуа бизнес аҽеиҭакреи, иааизакны атәыла аҿиареи ртәы ҳәа азгәалҭеит лара.Афорум рхы аладырхәуеит Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Ермантәыла, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи асасцәа. Иазгәаҭоуп аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара.
Ажәабжьқәа зегьы
0