Афотожурналистиказа аҟаза -икласс мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҿы
13:51 23.04.2026 (ирҿыцуп: 15:37 23.04.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 23 — Sputnik. Афотосахьа ахархәарала изҭахымгьы уконтент иазхьаԥшыртә ишыҟаҵатәу.
Абри атәы иалацәажәан Sputnik PRO апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуаз амедиагәыԥ "Урыстәыла иахьа" Афотоинформациа адирекциа афотожурналист, абжьгаҩ Григори Дукор иҟазара-класс.
Аексперт еиҭеиҳәеит зхаҭабзиара ҳараку аҭыхымҭақәа аудиториа рыдхаларазы маруга хаданы изыҟало, апрофессионалтә камереи аҭели рыла аҭыхра аҷыдара атәы, аҿырԥштәқәа рыла иааирԥшит афотосахьа аҭыхра ишаԥсам, акомпозициа ииашаны ишышьақәыргылатәу, ахәаԥшҩы аҭоурых изеиҭаҳәаразы.

"Ҳара иаҳуалуп аԥара аганахьала акәымкәа, азҿлымҳара аганахьала иаҳҭирц иаҳҭаху асахьа аудиториа азхьаԥшыртә еиԥш аҟаҵара", — иҳәеит Дукор.
Афотожурналист афотожурналистикаҿы аоперативра атемагьы дазааҭгылеит. Зхаҭабзиара ҳараку аконтент аҟаҵара азхом, акраҵанакуеит ианаамҭоу аредакциахь ашьҭрагьы.