Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа амазара ареспубликатә хатәра иаҭоуп ҩ-спортзалк рыда
16:45 23.04.2026 (ирҿыцуп: 19:32 23.04.2026)

© Sputnik / Адгур Авидзба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 23 — Sputnik. Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа амазара ареспубликатә хатәра иаҭоуп ҩ-спортзалк рыда.
Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа уи азы ақалақь ахада Ҭемыр Агрба иҟаиҵаз аҳәара иақәшаҳаҭхеит.

Аҽеилыхырҭа-еилаҳәарҭақәа змоу аспорттә залқәа амуниципалтә хатәраҿы иаанрыжьырц рыӡбеит, ахәыҷқәа ԥхьаҟагьы аспорт рҽазыҟарҵаларц азы.
"Уи ақалақьуаа қәыԥшцәа рзы акраҵанакуеит, дара алшара рыҭатәуп Леон имҩаду 23 аҿы рҽазыҟаҵарақәа ирыцырҵарц. Еиҳаракгьы, арҭ аспортзалқәа афымцамчтә ргыларақәа зынӡаскгьы ирыҵанакӡом", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.
Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аԥыхын 2025 шықәса ԥхынҷкәын 3 рзы. Аӡбамҭа рыдыркылеит "Афымцамч азы" азакәан анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны амуниципалтә хатәраҿы иҟоу аргыларақәа ареспубликатә хатәрахьы иахьиасуаз инақәыршәаны. Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа анапынҵақәа "Амшынеиқәафымцамч" иаҭоуп.