Аҟәа амашьына ргыларҭақәа рхыԥхьаӡаратә нормақәа шьақәдырӷәӷәеит ақалақьтә депутатцәа
18:04 23.04.2026 (ирҿыцуп: 19:44 23.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 23 — Sputnik. Аҟәа амашьына ргыларҭақәа рхыԥхьаӡаратә нормақәа шьақәдырӷәӷәеит ақалақьтә Еизара адепутатцәа.
Аӡбамҭа рыдыркылеит ақалақьуаа ршәарҭадареи рырманшәалареи алыршара хықәкыс иҟаҵаны.
Аӡбамҭа рыдыркылеит ақалақьуаа ршәарҭадареи рырманшәалареи алыршара хықәкыс иҟаҵаны.
Уажәшьҭарнахыс аҩнеихагылақәа, акоммерциа-усуратә центрқәа, ахәаахәҭреи азеиԥшкрыфарҭақәеи рыргылараан, мамзаргьы аҵакырақәа реиҭашьақәыргылараан абарҭ амашьынаргыларатә нормақәа ирызхьаԥшыр акәхоит:
60 м.ԥшь. рҟынӡа иҟоу ауадақәа рзы – машьына-ҭыԥк,
60 м.ԥшь. инаркны 100 м.ԥшь. рҟынӡа ауадақәа рзы – акоеффициент 1,2 рҟынӡа иацлоит,
100 м. ԥшь. иреиҳау ауадақәа рзы – ҩ-ҭыԥк иреиҵамкәа,
100-ҩык аҭааҩцәа рҭыԥ змоу астадионқәа рзы – 10-12 машьына-ҭыԥ,
100-ҩык аԥсшьаҩцәеи амаҵзуратә усзуҩцәеи ахьыҟало, атуристцәа ирызку аргыларақәа рҿы – 12-15 машьына-ҭыԥ,
х- еҵәак рҟынӡа змоу асасааирҭақәа рзы – аномерқәа рхыԥхьаӡара аҟынтәи 25% иреиҵамкәа, ԥшь-еҵәак змоу рҿы – 35% иреиҵамкәа.
Амашьынаргыларҭатә ҭыԥқәа зылшарақәа ԥку ауаа ирзыманшәаланы иеиҿкаатәуп.
