Аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥысит Аҟәа
11:07 24.04.2026 (ирҿыцуп: 11:31 24.04.2026)

© Sputnik / Андраник Казарян
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 24 — Sputnik. Аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥысит Оганес Туманиан ихьӡ зху Аҟәатәи ажәбатәи ашкол аҿы.
Аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Џьансыхә Нанбеи Вараздат Миносиани, иара убас Аерман уаԥшь ахаҭарнакцәа.
Ашкол аҩналарҭаҿы атрагедиатә хҭысқәа ирызкыз ацәыргақәҵа еиҿкаан. Агәаҳәара змоу зегьы ари амш аҽны ашкол иаҭааны иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз ацәашьқәа адыркуеит, амшын аҟәышәҭын ҟаԥшьқәа хырҵеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
14:00 сааҭ рзы Гагра ақалақь Аерман апостолтә уахәамаҿы анцәаимҵаныҳәареи алахьеиқәҵаратә митинги мҩаԥгахоит.
Мшаԥы 24 – Османтәи аимпериаҿы Аерманжәлар ргеноцид агәалашәара иамшуп. Аерман ҭоурыхҭҵааҩцәа рдыррақәа рыла, 1915-1923 шықәсқәа рзы Османтәи аимпериаҿы инырҵәан 1,5 миллионҩык аерманцәа, миллионбжак рҟынӡа мчыла иԥсылманыртәит, ма ахҵәара рықәырҵеит.