Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум аатит Пицунда
15:30 24.04.2026 (ирҿыцуп: 17:43 24.04.2026)

© Foto / Пресс-служба президента Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 24 — Sputnik. Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум аатит Пицунда.
Аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа иҳазцәырнаго ашәарақәа ҳрылацәажәоижьҭеи акыр ҵуеит ҳәа азгәалҭеит Аԥсны аҵара министр Хана Гәынԥҳа, афорум аартраҿы данықәгылоз.
"Ҳагәҭынчымра ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ҳазҳәом, аамҭеи абиԥарақәеи реиҿырԥшра иаҳнарбо рацәоуп, аха егьа ус акәзаргьы угәы каужьыртә иҟам рҳәоит иахьа аҿар аус рыдызуло арҵаҩцәа. Иахьа уажәраанӡа ҳбызшәа еиқәырханы иаазгаз аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа шәоуп — зус ҳәынҭқарратә уалԥшьаны иазнеиуа. Иахьа аҳәынҭқарра аҟынтәи иҳамоуп адгылара, уи ҳхы иархәаны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа ганрацәала рымҩаԥгара ҳҽазаҳшәоит", — лҳәеит Гәынԥҳа.
Раԥхьатәи аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны х-хырхарҭак рыла аусура еиҿкаахоит — аԥсуа бызшәа аиҳабыратәии аиҵбыратәии аклассқәа рҿы, аԥсуа бызшәа иаԥсыуам ашколқәа рҟны. Афорум хымш имҩаԥыслоит, еиднакылоит 250-ҩык арҵаҩцәа.