Аԥсуа бызшәеи алитературеи рмаҭәартә уадақәа аԥснытәи ашколқәа рҿы еиҿкаахоит
16:21 24.04.2026 (ирҿыцуп: 17:39 24.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 24 — Sputnik. Аԥсуа бызшәеи алитературеи рмаҭәартә уадақәа аҧснытәи ашколқәа рҿы еиҿкаахоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Бадра Гәынба.
Иара иажәақәа рыла, урҭ реиҿкаара ирылагоит хара имгакәа.
"Аҵара министрра адҵа рысҭоит аолимпиадақәа рылҵшәақәа инарықәыршәаны аҧсуа бызшәазы зҵаҩцәа аихьӡарақәа аазырҧшыз арҵаҩы икабинет еиҿкааны, ҳаамҭа иақәшәо амаругақәа рыла аиқәыршәара", — иҳәеит иара.
Иара убас Аҧсны аминистрцәа реилазаара адҵа рыҭоуп аԥсуа бызшәа азанааҭ ала афилологиатә факультет алызхыз астудентцәа, ақәҿиара бзиақәа аазырҧшуа адгылара рыҭаразы ажәалагала ҟарҵарц.