"Аԥсны акоманда" аҩбатәи ахәҭа алахәхаразы 300-ҩык инареиҳаны арзаҳалқәа нарышьҭхьеит
17:05 24.04.2026 (ирҿыцуп: 17:40 24.04.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 24 — Sputnik. Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи ахәҭа алахәхаразы 300-ҩык инареиҳаны арзаҳалқәа нарышьҭхьеит.
Еиҳарак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа аҟынтәи ауп — 19,5%. Иара убас, аицлабрахь иаднаԥхьалеит аҵарадырра ахырхарҭа аусзуҩцәагьы (5,5%), азиндырҩцәа (5,2%), атуризм, асасааирҭақәа , акрыфарҭақәа русхк аҟынтәи (5%).
Иара убас, асиа иарбоуп IT-ахырхарҭа, абанктә, анапхгараҭаратә, ашәарҭадара, ахьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа.
"Ҳара ауаа рхы аладырхәырц шырҭаху , аҭакԥхықәра агара ишазыхиоу, рымчқәа еиҳа инарҭбааны аԥышәара шрылшо ҳбоит. Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит аицлабра ииашаҵәҟьаны атәыла аҿиара анырра аҭара зҭаху рзы ҭыԥны аҟалара", — азгәеиҭеит "Аԥсны акоманда" анапхгаҩы Георги Габуниа.
Арзаҳалқәа рыдыркылоит мшаԥы 16 инаркны ԥхынгәы 1-нӡа. Ԥхынгәымзеи нанҳәамзеи рзы имҩаԥысуеит дистанциалатәи атестқәа рблокқәа ҩба, цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рзы — латәаралатәи аусмҩаԥгатәқәа.