Харитон Агрба Уфа имҩаԥысуаз атурнир БЕТСИТИ.IBA.PRO 17 аҿы аиааира игеит
18:30 24.04.2026 (ирҿыцуп: 18:48 24.04.2026)

© Foto / предоставил Харитон Агрба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 24 — Sputnik. Харитон Агрба Уфа имҩаԥысуаз атурнир БЕТСИТИ.IBA.PRO 17 аҿы аиааира игеит.
Аринг аҿы филиппинтәи абоксиор Херальдо Инту иареи еиқәшәеит.
Жәа-раундк рыла ишьақәгылаз аиԥылара алҵшәақәа рыла, аӡбаҩцәа зегьы еицҿакны Агрба аиааира шигаз шьақәдырӷәӷәеит.
"Сзындаҭлоз дшәарҭан. Даара ӷәӷәала дыкшон. Иашаҵәҟьаны, уи сазыԥшымызт, убри аҟнытә еиҳа игәцаракны сықәԥон. Аиааира агара аҟынӡагьы иназгеит", — иҳәеит иара, ҭаҷкәымла аисра ашьҭахь.
Харитон ипрофессионалтә мҩаҿы ари 18-тәи иааироуп.