Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум аҟны иӡырган аԥсуа литературатә ԥхьара арҵага шәҟәқәа
18:10 26.04.2026 (ирҿыцуп: 19:18 26.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум мҩаԥысуан мшаԥы 24 инаркны 26 рҟынӡа. Уи иалахәын Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 200-ҩык рҟынӡа арҵаҩцәа.
АҞӘА, мшаԥы 26 — Sputnik. Аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рфорум аҟны иӡырган Аԥсуа литературатә ԥхьара 2-тәи акласс арҵага шәҟәы.
"Уаанӡатәи ашәҟәы аиҭакрақәа рацәаӡаны иаиуит. Иҟоуп уа иалгахаз аҩымҭақәа, избан акәзар уажәтәи ахәыҷқәа маҷк иацәыхарахо иалагеит, убри азын иахьатәи аамҭа иақәнаго аҟаҵаразы аус рацәаны иадулан", — ҳәа лҳәеит Аԥсны аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамԥҳа.

Лара иазгәалҭеит, ари арҵага шәҟәы ашколқәа рҿы аԥышәара ишахысыз, иааиуа аҵарашықәс ҿыц азы ашколхәыҷқәа рнапаҿы ишыҟало.
Илҳәеит, 3-тәи акласс аԥсуа литературатә ԥхьаразы арҵага шәҟәы аиқәыршәаразы аусурақәа шцо, аҵара аминистрра иаҵанакуа Аҟәатәи 1-тәи ашкол аҟны аԥышәара иахганы, арҵаҩцәа ргәаанагара азгәаҭаны иааиуа ашықәс азы ишҭыжьхо.
Афорум аҟны "Ҳазну адунеи" арҵага шәҟәы аиқәыршәаразы азҵаара ықәыргылан. Уи азы арҵаҩцәа ирзыӡырҩны, алагалақәа ҟаҵаны аусутә гәыԥ еиҿыркааит. Ари арҵага шәҟәы ахәыҷқәа рықәра иаҵанакуа ирмарианы аҟаҵара хықәкы хаданы иҟоуп ҳәа лҳәеит Шамԥҳа.